АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба Ҭырқәтәылатәи Ареспублика адиаспорахь аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы иалхра инадҳәаланы. Иара ахә ҳаракны ишьеит Афедерациа Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа реидкыларазы иҟанаҵо аусура, Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара ианаҭо ацхраара.
Аминистр иҳәамҭа даԥхьеит Стамԥыл, Афедерациа ахантәаҩы иалхра иазкыз Апленартә еилатәараҟны, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Инар Гыцба.
"Ҳара агәахәара ҳнаҭоит ҳдиаспора еиҳау аҩаӡарахь рхалара. Урҭ ибзианы еилыркаауа иалагеит рымч-рылша Ҳадиаспора рыцхыраарала ҳтәылеи ҳажәлари ирызхьаԥшуа иалагеит Ҭырқәтәылатәи аполитикатә елита, аҭырқәа жәлар", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.
Иара иазгәеиҭеит агәыӷра шимоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩ ҿыц илиршап ҳәа иҟоу аиҵаҳара, арҭбаара, Аԥсны аимидж аизырҳара, аԥсуа диаспореи адыга диаспореи реизыҟазаашьақәа иҵегьы хырыҩ азура.