Надараиа: ашәахтәқәа зымшәо аҳәаа рахыжьра аанкылатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция главы администрации Галского района Темура Надарая.
Пресс-конференция главы администрации Галского района Темура Надарая. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион Ахада ашықәс азтәи аусура аихшьаала азиуит, иахьазы инагӡаны иӡбам азҵаарақәагьы иныҭкааны дырзааҭгылеит.

АҞӘА, абҵара 10 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ииасуа ашықәс азы Гал араион Ахадара ирзалмыршеит "Ингур- ГЕС" аусзуҩцәа рҟынтәи ашәахтә аиура ҳәа азгәеиҭеит араион Ахада Ҭемыр Надараиа ашәахьа, абҵара 9 рзы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны.

"Ҳара атәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟаҳҵеит ашәахтә зқәу ахаҿқәа Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азин ҟазымҵо ақәҵара рыдыркыларц. Сгәы иаанагоит иаарласны абри аҩыза ақәҵарагьы рыдыркылап ҳәа", — иҳәеит Надараиа.

Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа. - Sputnik Аҧсны
Надараиа: Гал иҟоу аҭагылазаашьа аԥсахра амилициа амчала мацара иауӡом

Араион ахадара ҿыц русура аихшьаалақәа ҟаҵо, Надараиа иӡбам апроблемақәа рыӡбахә ҳәо дазааҭгылеит Гал араион ауааԥсыра адокументқәа рыҭара апроцесс аанкылара атәы.

"Абри аганахьала аҭагылазаашьа 2014 шықәса рзы ишыҟаз еиԥш иаанхеит. Усҟан еиԥш иахьагьы ахархәара рымоуп СССР апаспортқәа, аформа №9. Ари зыдҳәалоу еиуеиԥшым азакәанқәа ианраамҭоу рыдкылара ахьзалмыршахаз ауп", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы изалымшеит арҵаҩцәеи амедецинатә усзуҩцәеи рулафахәы аизырҳара. Абри аганахьала дара ареспубликатә биуџьет ацхыраара рынаҭап ҳәа игәыӷуеит.

Иара убри аамҭазы араион ақыҭақәа рхадацәеи, урҭ рхаҭыԥуааи аппарати рулафахәы 70% рыла аизырҳара араион биуџьет иалнаршеит ҳәа азгәеиҭеит Надараиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0