Сҭамԥыл иаатит раԥхьатәи аԥсуа чысхә аресторан

© Sılaşara Restaurant-CafeРесторан абхазской кухни "Сылашара" в Стамбуле.
Ресторан абхазской кухни Сылашара в Стамбуле. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак Ҳалиук Саӡба Сҭамԥыл иааиртит аԥсуа чысхә аресторан "Сылашара".

АҞӘА, абҵара 11 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак Ҳалиук Саӡба Сҭамбԥыл иааиртит раԥхьатәи аԥсуа чысхә аресторан "Сылашара". Абри атәы ҳзааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Инар Гыцба.

"Аресторан аадыртит ҳџьынџьуаа Ҳалиук Саӡбеи иԥшәмаԥҳәыс Гиулаи Храчааи. Иара азиатәи Сҭамԥыл ахәҭахьы иаҵанакуеит. Аамҭа маҷк иалагӡаны ари аҭыԥ бзиа еицырбеит ҳџьынџьуаа реиԥш аҭыԥантәи ауааԥсырагьы", — иҳәоит Инар Гыцба.

Иара иазгәеиҭеит аҭааҩцәа аԥсуа чысхә агьама дырбарала Аԥсны аӡбахәгьы еиҳа ибзианы ираҳар шалшо.

"Сылашара" ҳаԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа иреиқәшәарҭа ҭыԥны иҟалеит, аԥсуа чыс иаднаԥхьалеит", — иҳәоит Гыцба.

© Sılaşara Restaurant-CafeРесторан абхазской кухни "Сылашара" в Стамбуле.
Ресторан абхазской кухни Сылашара в Стамбуле. - Sputnik Аҧсны
Ресторан абхазской кухни "Сылашара" в Стамбуле.

Аресторан "Сылашара" аадыртит 2015 шықәса нанҳәамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0