АҞӘА, абҵара 12 Sputnik, Саид Барганџьиа. Амиран Какалиа Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә ԥгаԥсареи аџьа ахьчареи рзы Афонд ахантәаҩыс дҟаҵоуп.
"Уҿаԥхьа имариам аус шьҭоуп. Афонд ахаҭа аусурагьы еиҭахәаԥштәны иҟоуп. Уаанӡатәи анапхгаҩ иакәзар илшо зегьы ҟаиҵеит. Ҳара уи хазы иҭабуп ҳәа иаҳҳәараны ҳаҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.
Амиран Какалиа диит 1971 шықәса рзы Очамчыра араион Мықә ақыҭан. 1988 шықәса рзы далгеит абжьаратәи ашкол. 1992 шықәса рзы дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аиурист факультет. Какалиа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәылоуп. "Агәымшәаразы" амедал ианашьоуп. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рҟны анапхгаратә напынҵақәа мҩаԥигон