Аԥсны Апрокуратура хада Матуа иганахьала ашьаусқәа ҩба хацнаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукСуд по делу Вадима Матуа.
Суд по делу Вадима Матуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ААЕ (ЮКС) аусзуҩцәақәак рганахьала Апрокуратура хада ихацнаркит ашьаусқәа ҩба – 6 шықәса рҟынӡа зхымҵуа ахәыҷқәа ршәарҭадара иақәымшәо аусурақәа рымҩаԥгарази ахара зду инап ианырҵаз амазара аимҵәарази.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура хада 2015 шықәса абҵара 12 рзы  ЗҲәА ААЕ (ЮКС) адиректор хада Вадим Матуеи аилак анџьныр хада Анатоли Кожакови,  аплан-техникатә ҟәша аиҳабы Дмитрии Лапини рганахьала ихацнаркит ашьаус, Аԥсны Ашьаустә кодекс ахәҭаҷ 235 ахәҭа 2 апунктқәа "а", "б" инарықәыршәаны. Абри атәы аҳәоит абҵара 11 рзы аусҳәарҭа аофициалтә саит аҟны икьыԥхьу аҳәамҭа.

"6 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа ршәарҭадара  иақәымшәо аусурақәа рымҩаԥгара еиҿкаан хаҿқәак ргәыԥ аиқәшаҳаҭрала. Абри ахәҭаҷ азин ҟанаҵоит 50 000 маҭ инаркны 150 000 мааҭ рҟынӡа ахараԥса аршәара мамзаргьы  хышықәса инаркны фышықәсанӡа  ахақәиҭра алхәыдатәреи 100 000 мааҭ ахараԥса аршәареи", — ҳәа азгәаҭоуп Апрокуратура хада аҳәамҭаҟны.

Аҩбатәи, Вадим Матуеи  анаплакҩы Артур Терекиани рганахьала Аҳәынҭқарратә прокуратура ихацнаркыз ашьаус азырхоуп амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәарала хаҿқәак ргәыԥ еиқәышаҳаҭрыла имҩаԥыргаз атәым мазара аимҵәара (ахәҭаҷ 157, ахәҭа 4).

Ақалақьтә шәахтә усбарҭа аиҳабы Матуа иус аганахьала иҿахәы иҳәеит

"Имҩаԥго ашьаусҭҵаарақәа инарықәыршәаны ишьақәырӷәӷәоуп Вадим Матуа инапынҵала Гәдоуҭа ақалақь Лакрба имҩаҟны ахәыҷбаҳча аргылараан, ишьақәырӷәӷәаз апроект еилаганы, аҿаҵаҩи ахылаԥшратә органқәеи ақәшаҳаҭымкәа, иазыԥхьагәаҭаз аџыр иалхыз арматура ацынхәрас акомпозиттә (апластикатә) арматура ахархәара шаҭаз", — ҳәа азгәанаҭоит Апрокуратура хада.

Аексперттә комиссиа алкаақәа азыԥхьагәаҭаны аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" афирма "Гәдоуҭаргылара" аусурақәа мҩаԥнагоит аобиект арӷәӷәаразы. Аобиект арӷәӷәаразы иаҭахны иҟоуп абиуџьет иалххо хә-миллионки бжаки мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0