Аҟәа аҵарауаа Ҭамара Шьаҟрылԥҳа дырлгәалашәеит

© Sputnik Астанда АрдзинбаАҭыԥантәи афото
Аҭыԥантәи афото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа дыргәаладыршәеит аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа.

АҞӘА, абҵара 12 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылаҩцәа ируаӡәкыз Ҭамара Шьаҟрылԥҳа дҭахеижьҭеи 11 шықәса аҵра инадҳәаланы агәалашәаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысит Аҟәа. Лара дахьынхоз аҩнахьы ашәҭшьыҵәрақәа наган.

Ҭамара Шьаҟрылԥҳа аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рзы ллагала ахәшьара уадаҩуп ҳәа азгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба ажурналистцәа аинтервиу рыҭауа.

"Ҭамара Платон-иԥҳа — Аԥсны апатриот ду, агәыҭбаара ду змаз уаҩын. Ауаа рыбжьы ҭыганы ацәажәара ианацәшәоз аамҭақәа раан атәылаз лара лылшарақәа хәы змам ракәны иҟоуп. Усҟантәи аамҭақәа рзы ҳауаажәлар ргәы иҭыхоз, Аԥсны иазкыз аиашара иахьахәҭаз анагӡара уадаҩын, аха Ҭамареи лара лаҳәшьа Екатеринеи ирылдыршон ажәлар рҿахәы аҳәара", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит Ҭамара Шьаҟрыл лыхьӡ анаӡаӡатәразы ииасыз ашықәс азы иаԥҵаз акомиссиа  аусура ишаҿу.

"Аусурақәа цоит. Абаҟа ақәыргылара амацара акәым хықәкны иҟоу, ҳара иаҳҭахуп Ҭамара Платон-иԥҳа лыхьӡ еиҵагыло абиԥарақәагьы еиҭарҳәо, еимырдо иҟалар. Убри азы акомиссиа иазыԥхьагәанаҭо ауснагӡатәқәа зегьы рынагӡара алшахар ҳҭахуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Шьаҟрылԥҳа аус лыцызуаз, Агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут  аусзуҩцәа иазгәарҭеит  абызшәадырыҩ, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагыла Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лҭахашьа иахьагьы аҭҵаара шазум. Археолог Игор Ҵнариа иазгәеиҭеит ахара зду рыхәҭа ишақәыршәатәу.

Тамара Платоновна Шакрыл. - Sputnik Аҧсны
Лили Ҳагԥҳа: Ҭамара Шьаҟрыл лзы Аԥсны аинтересқәа иреиҳаз егь ыҟамызт

"Ҭамара Платон-иԥҳа лыхьӡ аҳәарагьы сара сзы иуадаҩуп, избанзар абри аҳҭыԥҳа, ҳҳәынҭқарра аргылара зхы-зыԥсы ақәызҵаз ауаҩы, зегь ҳлааӡахьан, лара лышкол акәын ҳара ҳазҭаз. Аха рыцҳарас иҟалаз убри оуп, лара лцара, лҭахара иахьагьы ахәшьара амаӡам. Убри ахәшьара амҭакәан, ҳара наҟ-наҟтәи ҳԥеиԥш аҟалара атәы даараӡа аҳәара сцәыуадаҩуп. Зыгха мырҳәа-мырза изҵәахыз, уи зызҩа зӡаз диҩызахоит азы, абри лыԥсҭазаарагьы, лыхәшьарагьы иаахтны ажәлар рҿаԥхьа иҿаҿаӡа иқәыргыламкәан, сара Ҭамара Платон-иԥҳа лҿаԥхьа иҳаду ауал шәаӡам ҳәа исыԥхьаӡоит", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Ҭамара Шьаҟрылԥҳа – аҵарауаҩ, абызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ, 50 инареиҳаны ашәҟәқәа дравторын.

Ҭамара Платон-иҧҳа Шьаҟрыл - Sputnik Аҧсны
Ҭамара Шьаҟрыл лыхьӡ наунагӡатәхоит

Ҭамара лыԥсҭазаара зегьы амилаҭтә интересқәеи аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчареи ирызкын. Еицырдыруа, 1952 шықәсазы  ВКП(б) XIX аизара ду Апрезидиуми, хаҭала Сталини ирзышьҭыз иаарту ашәҟәы рнапы аҵаҩын Ҭамареи Екатеринеи Шьаҟрылԥҳацәа. Ашәҟәаҟны дара иаартны иаҿагылан аԥсуа школқәа раркреи  аԥсышәала аҵара аанкылареи.

Ҭамара Шьаҟрылԥҳа илоуз ахәра иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит абҵара 12, 2004 шықәсазы, Аԥсны имҩаԥысуаз алхратә кампаниа иацыз аилаҩеиласрақәа раан.

2014 шықәса абҵара 12 рзы Рауль Ҳаџьымба иқәҵарала еиҿкаан Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лгәалашәара анаӡаӡатәра иазырхаз, Алеко Гәарамиа (ААУ аректор), Уасил Аҩӡба (АБИГИ адиректор) акультуреи аҟазареи русзуҩцәа злахәыз акомиссиа.

Аҵарауааи ауаажәларратә усзуҩцәеи ажәалагала ҟарҵеит аҭҵаарадырратә конференциа шьаҭаркхарц; Аҟәа ашҭақәа руак лара лыхьӡ ахҵахарц; лҭахара амшаз "Ажәлар ракзаара Амш" азгәаҭахаларц. Арҭи егьырҭ ажәалагалақәеи акомиссиа ахәаԥшырц инашьҭуп.

© Sputnik Астанда Ардзинба Ҭамара Шьаҟрылԥҳа дахьынхоз аҩны аҭӡаҿы икыду агәаларшәага ӷәы
Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Ҭамара Шьаҟрылԥҳа дахьынхоз аҩны аҭӡаҿы икыду агәаларшәага ӷәы
Ажәабжьқәа зегьы
0