Аԥснытәи абоксиорцәа Шәача аԥыжәаратә ҭыԥқәа ргеит

CC0 / / Боксерская перчатка. Архивное фото.
Боксерская перчатка. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҟәатәи аилак абокс асекциа ахаҭарнакцәа Шәача имҩаԥысуаз аиндаҭларақәа рҟны аԥыжәаратә ҭыԥқәа ргеит.

АҞӘА, абҵара 16 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абҵара 13-15 рзы  Шәача ақалақь аҟны имҩаԥысуан абокс азы Иаарту аиндаҭлара. Иара иалахәын 200-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа Краснодартәи атәылаҿацәа Аԥсни рҟынтәи. Аҟәа акоманда иахаҭарнакцәаны иҟан Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҟәатәи аилак абокс асекциа алахәылацәа, ҳәа ааицҳауеит ҳкорреспондент.

44 кьыла зыкапан ыҟоу рыгәҭа актәи аҭыԥ ааникылеит Гәдиса Хьыбба.

38 кьыла зыкапан ыҟоу рыгәҭа аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Алмас Адлеиба.

40 кьыла зыкапан ыҟоу рыгәҭа ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит  Данил Ҭаниа.

Аспортсменцәа азыҟарҵоит Џьон Аҭәмаа, Давид Аҩӡба, Беслан Адлеиба.

Ажәабжьқәа зегьы
0