Абҵарамза - амандарин аҟәшәара иаамҭоуп

Анапаҵаҩра
Аԥсны, ишаԥу еиԥш, амандарин аҟәшәара иалогоит абҵарамза алагамҭазы, аха сынтәа амш цәгьақәа ирыхҟьаны акыр инаскьаны иалагеит.

Гәылрыԥшь араион анаплакқәа руак аҿы амандарин аҟәшәара иалагеит абҵара 16 рзы. Уи анапхгаҩы Витали Ҵәыџьба иажәақәа рыла, сынтәа аҽаҩра уамак ирацәаӡам, уи мзызс иамоугьы аԥхын ақәақәа маҷны иахьлеиуаз ауп. Sputnik акорреспондент излеизеиҭеиҳәаз ала, аҽаҩра аҟәшәараҿы ацхыраара ҟарҵоит аҭыԥантәи ауаа реиԥш, Урыстәылеи Украинеи рҿынтәгьы аусуцәа. Есыҽны амандарин аҟәшәара рхы аладырхәуеит хә-бригадак, бригадацыԥхьаӡа 25-ҩык ауаа ыҟоуп.

Ари анаплакаҿы амандарин ақәаарыхырҭақәа хацыркын 1962 шықәсазы. Иахьатәи амш азы 60 нызықь шьапы ыҟоуп. Бжьаратәла иаагозар, есышықәса дара иҳарҭоит 650 тонна амандарин. Аԥхын изныкымкәа амандарин аҵлақәа иҷыдоу ахәшәқәа рыла ирхәышәтәуеит, ачымазарақәа рцәыхьчаразы. Иара убас аԥхын амандарин акәша-мыкәша аҳаскьын хырҟьоит аҟәшәараан ирԥырхагамхарц.

© Sputnik / Томас ТхайцукГәылрыԥшь араион анаплакқәа руак аҿы амандарин аҟәшәара иалагеит.
Сбор мандаринов. - Sputnik Аҧсны
1/8
Гәылрыԥшь араион анаплакқәа руак аҿы амандарин аҟәшәара иалагеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны, ишаԥу еиԥш, амандарин аҟәшәара иалогоит абҵарамза алагамҭазы, аха сынтәа амш цәгьақәа ирыхҟьаны акыр инаскьаны иалагеит.
Сбор мандаринов. - Sputnik Аҧсны
2/8
Аԥсны, ишаԥу еиԥш, амандарин аҟәшәара иалогоит абҵарамза алагамҭазы, аха сынтәа амш цәгьақәа ирыхҟьаны акыр инаскьаны иалагеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмандарин аҟәшәара иалахәуп аҭыԥантәи ауаа реиԥш, Урыстәылеи Украинеи рҿынтәгьы аусуцәа.
Сбор мандаринов. - Sputnik Аҧсны
3/8
Амандарин аҟәшәара иалахәуп аҭыԥантәи ауаа реиԥш, Урыстәылеи Украинеи рҿынтәгьы аусуцәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнаплак аиҳабы Витали Ҵәыџьба иажәақәа рыла, сынтәа аҽаҩра уамак идуӡам, уи мзызс иамоугьы аԥхын ақәақәа маҷны иахьлеиуаз ауп.
Сбор мандаринов. - Sputnik Аҧсны
4/8
Анаплак аиҳабы Витали Ҵәыџьба иажәақәа рыла, сынтәа аҽаҩра уамак идуӡам, уи мзызс иамоугьы аԥхын ақәақәа маҷны иахьлеиуаз ауп.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕсыҽны амандарин аҟәшәара рхы аладырхәуеит хә-бригадак, бригадацыԥхьаӡа 25-ҩык ауаа ыҟоуп.
Сбор мандаринов. - Sputnik Аҧсны
5/8
Есыҽны амандарин аҟәшәара рхы аладырхәуеит хә-бригадак, бригадацыԥхьаӡа 25-ҩык ауаа ыҟоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмандарин аҟәшәаҩцәа рҽаҩра зны аведрақәа ирҭарԥсоит, урҭ анҭәлак аиашьикқәа рахь иааргоит. Аҵыхәтәан аиашьикқәа зегьы аидарамҩангага амашьына иақәҵаны аизакыртхь иргоит.
Сбор мандаринов. - Sputnik Аҧсны
6/8
Амандарин аҟәшәаҩцәа рҽаҩра зны аведрақәа ирҭарԥсоит, урҭ анҭәлак аиашьикқәа рахь иааргоит. Аҵыхәтәан аиашьикқәа зегьы аидарамҩангага амашьына иақәҵаны аизакыртхь иргоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕидарала иҭәу амашьына аҭаҟәаҭасрақәа ирҭысны ицароуп, зны-зынла ианхышәҭуагьы ҟалалоит. Ус ҟалар, аиашьикқәа ақәырхуеит, нас амашьына андыриашалак, ҩаԥхьа иақәырҵоит.
Сбор мандаринов. - Sputnik Аҧсны
7/8
Еидарала иҭәу амашьына аҭаҟәаҭасрақәа ирҭысны ицароуп, зны-зынла ианхышәҭуагьы ҟалалоит. Ус ҟалар, аиашьикқәа ақәырхуеит, нас амашьына андыриашалак, ҩаԥхьа иақәырҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАизакырҭаҿы амандаринқәа еилырхуеит, аҟәазқәа хазы еидыркылоит, ассақәа - хазы. Уажәшьҭа урҭ аҭира иазыхиоуп.
Сбор мандаринов. - Sputnik Аҧсны
8/8
Аизакырҭаҿы амандаринқәа еилырхуеит, аҟәазқәа хазы еидыркылоит, ассақәа - хазы. Уажәшьҭа урҭ аҭира иазыхиоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0