Урыстәыла Адипакадемиаҟны аԥсуа студентцәа Аԥсны акультура ӡырыргеит

© Фото : Элеонора ЦаргушУрыстәыла Адипакадемиаҟны аԥсуа студентцәа Аԥсны акультура ӡырыргеит
Урыстәыла Адипакадемиаҟны аԥсуа студентцәа Аԥсны акультура ӡырыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, абҵара 24 рзы Ажәларқәа реиҩызара (global village) ахәылԥаз аан, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиа аҿы аҵара зҵо Аԥснытәи астудентцәеи аспирантцәеи аԥсуа культура еизаз иддырбеит.

АҞӘА, абҵара 25 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Ахаша, абҵара 24 рзы, Адипломатиатә академиаҟны имҩаԥысуаз Ажәларқәа реиҩызара (global village) ахәылԥаз аан Аԥснытәи астудентцәеи аспирантцәеи аԥсуа культура еизаз иддырбеит, ҳәа ҳзаалыцҳаит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиа аспирантка Елеонора Царгәышԥҳа.

"Ахәылԥаз азырхан еиуеиԥшым атәылақәа рстудентцәа реидкылара, дасу ркультурақәа рцәыргара. Асеиԥш иҟоу аныҳәақәа Урыстәыла аҵараиурҭақәа жәпакы рҟны имҩаԥыргоит", — лҳәеит Царгәышԥҳа.

Лара лажәақәа рыла ауснагӡатә иалахәын 13 тәыла. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ауснагӡатә ныҳәа аадыртит, иагьадыркит милаҭтә кәашарала.

Елеонора Царгәышԥҳа иазгәалҭеит Аԥсны абареи агьама агәаҭареи зҭахыз акыр ишырацәаҩыз.

"Аԥсуа стенд аҟны ахәылԥаз ахьынӡамҩаԥысуаз ауаа рацәа адгылан. Урҭ агьама рбон араҟа ицәыргаз аԥсуа чыс. Астудентцәа еиҭарҳәон ртәылақәа рҭоурых, ркультура иалацәажәон, асувениртә аалыҵ рыдыргалон. Зегь раасҭа иргәаԥхеит аԥсуа ҩы. Аҽазназы ҳара иазыԥхьагәаҳҭоит ари агәаҳәара. Ҳгәыӷуеит ҽааны еиҳагьы ирацәахап ҳәа атәыла-лахәылацәа, избанзар асеиԥш иҟоу ауснагӡатә ныҳәаҵәҟьоуп", — лҳәеит лара.

Ацәыргақәҵа адагьы имҩаԥган аконцерт. Аконцерт аҟны алахәылацәа ақәгыларақәа мҩаԥыргон иара убасгьы аекран аҟны ртәылақәа ӡырыргон.

Аԥсуа студентцәа ацхыраара рырҭеит Урыстәылатәи афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа, Москватәи аԥсуа диаспора.

Ажәабжьқәа зегьы
0