Ажурнал "Алашара" 60 шықәса ахыҵит

© Sputnik Анжелика БенияАжурнал "Алашара" 60 шықәса ахыҵит
Ажурнал Алашара 60 шықәса ахыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1955 шықәсазы алитература-сахьыркыратә журнал ҿыц аҭыжьра ахацыркра амилаҭтә культура аҿиара аус аҿы ихҭыс духеит.

АҞӘА, абҵара 26 – Sputnik, Анжелика Бениа. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа алитература-сахьаркыратә журнал "Алашара" шьақәгылеижьҭеи 60 шықәса ахыҵра Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, абҵара 25 рзы иазгәарҭеит.

Апоет, алитература-сахьаркыратә журнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа еизаз зегьы аныҳәамш рыдиныҳәалеит.

"Ибзианы исгәалашәоит, шамаха иҟаӡамызт ԥсыуа ҩнаҭак илзымҩаауаз, измауаз, иамыԥхьоз "Алашара". Еиҳараӡак 1970-80 ашықәсқәа рзы, усҟан атираж 7 нызқь инахыҳәҳәон. Усҟангьы уажәгьы  "Алашара" асахьаркыратә литература мацара акәӡам иакьыԥхьуа,  араҟа иануп иахьа Аԥсны иҟоу апроблемақәа, ҳбызшәа, ҳҭоурых, ҳдиаспора рызҵаара, ақырҭуа-аԥсуа еибашьра, ҳнаука, ҳфальклор, ҳакритика, аҭцаарадырра аматериалқәа", – ҳәа иҳәеит Лагәлаа.

Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡ ала дықәгылеит, апоет, Аԥсны Ахада иаԥжьгаҩ Владимир Занҭариа. Иара ажурнал "Алашара" анапхгареи амаҵ азызуеи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иаднаҳәалара дырзаԥхьеит.

"Аԥсуа литература ашьаҭыркҩы Дырмит Гәлиа зхыҵхырҭаҿы дгылоу алитература-сахьаркыратә ҭыжьымҭа ароль ду нанагӡеит амилаттә сахьаркыра дунеихәыԥшра ашьҭыхраҿы. Ажурнал"Алашара" иааидкыланы ҳмилаҭтә доуҳатә ԥсҭазаара иаҟазшьарбагоуп. Иалшахьоу рацәоуп еиҵагылоу арҿиаратә абиԥарақәа реиҵааӡараҿы, рсахьаркыратә гьама, рбаҩхатәра аӡыргараҿы", – ҳәа Ҳаџьымба иажәақәа ааигеит Занҭариа.

Ажурнал аепоха, ҳара  ҳкультуратә ҳдоуҳатә ԥсҭазаараҟны даара акраҵанакуеит, ҳәа иажәахә хиркәшеит Занҭариа.

Иара убас Владимир Зантариа даԥхьеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иусԥҟа.

Уи Аусԥҟа аҟны иануп: "Акыр шықәса лыҵшәабзиала русуразы  Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵазааит Ажурнал "Алашара" аусуҩцәа: Аԥсны жәлар рпоет Витали Амаршьан, Ламара Амичба, Маиа Кәыҵниа, Стелла Саӡба, Ира Цыгәба", ҳәа.

1955 шықәсазы алитература-сахьыркыратә журнал ҿыц аҭыжьра ахацыркра амилаҭтә культура аҿиара аус аҿы ихҭыс духеит.
Ажурнал "Алашара" иабзоуроу рацәоуп аԥсуа милаҭтә сахьаркыратә литература ажанрқәа зегьы рӡыргараҿы, рыларҵәараҿы. Арахь ауп апоетцәа апрозаикцәа аԥхьаӡа рҩымҭақәа рыманы иахьымҩахыҵуаз, иахьыркьыԥхьуазгьы.

Ажурнал "Алашара" апремиақәа ранашьара мҩаԥысит

Ажурнал аҭыԥ ҷыда ааннакылоит ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рабиԥараҿыцқәа рцәыргараҿы, рхатәы мҩа ранылараҿы, реиҵааӡара аус аҟны. Актәи аномер инаркны иаԥшьгаз арубрика "Аҿар рыбжьы" ҿыц аԥсуа литературахь зшьаҿа еихызгоз аҿар рҩымҭақәа еиднакылоит.

Традициа бзианы ишышьақәгылоу еиԥш, ажурнал еснагь ианлоит алитература ажанрқәа зегьы.

Ажурнал абжьааԥнеиԥш, иазхьаԥшуеит алитературеи алитератураҭҵаареи, уи аҟәшақәа рҟны аԥхьаҩцәа иднардыруеит алитература аҭагылазаашьа, аҿиара апроцессс, иара убас иазхьаԥшуеит аҭоурыхтә, аетнографиатә зҵаарақәа, аҟазара, уҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0