АҞӘА, абҵара 26 – Sputnik. Ноиабр 24, 2015шықәса рзы, Ҭырқәтәылатәи арра ҳауатә мчра иҭанархеит Урыстәылатәи абомбакажьгатә ҳаирплан. Убри инамаданы, Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" гәалсрала ирыдышшылоит аҳаирплан аҟны иҭахаз, Урыстәыла аррамаҵзура иахысуаз рҭаацәа, ҳәа ануп афонд иҟанаҵаз ааԥхьараҿы.
"Ари ахҭыс ахҳәаа аҟаҵара уадаҩуп. Ҳгәы иаанагоит ас еиԥш иҟоу ацәгьаура алмыршара ахәҭан ҳәа. Ҳара Урыстәыла ҳадгылауа, иарбанзаалак атерроризм ҳақәыӡбоит. Убри аганахь ала, Урыстәыла атерроризм иаҿагыланы имҩаԥнаго аусқәа зегьы ҳрыдгылоит", — ҳәа ацҵоуп атекст.
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа иазгәарҭоит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсназы астратегиатәи, аиҩызаратәи ҟазшьа змоу партниорны ишыҟоу. Ҭырқәтәылатәи Ареспублика, ҳтәыла аекономика аҿиараҟны ахадаратә ҭыԥ шаанакыло.
"Ҭырқәтәыла инхоит хыԥхьаӡара рацәала ҳдиаспора. Ҳара агәра ҳгоит, аҩтәылакгьы рыжәларқәа, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа аруадаҩра ишадымгыло. Ҳара излаҳаԥхьаӡо ала, иҟалаз ахҭыс, аекономикеи, акультуреи, астратегиеи рганахь ала Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара ааха ӷәӷәа рнаҭоит, русеицура иаԥырхагахоит. Уи анымыԥшырц залшом ҳара ҳтәылагьы", — ҳәа ануп ааԥхьараҿ.
Афонд ахаҭарнакцәа гәыӷра аадырԥшуеит, аҩганкгьы иахәҭоу ақәҵара рыдыркылап ҳәа иҟалаз акризис инамаданы, насгьы ииашоу ахшыҩзышьҭра аадырԥшып ҳәа Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара ҩаԥхьа аиҩызаратәи, аусеицуратәи ҟазшьа аиҭашьақәыргыларазы.