"Аԥсны акзаара" Аҟәатәи аҟәша хантәаҩыс дҟалеит Алхас Манаргиа

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Манаргиа.
Алхас Манаргиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә политикатә партиа "Аԥсны акзаара" Аҟәатәи аҟәша иҿыцу аилазаара алхын уи алахәылацәа реизараан. Хантәаҩыс дҟалеит Алхас Манаргиа.

АҞӘА ԥхынҷкәын 2 —  Sputnik,Роберт Џьапуа. Алхас Манаргиа далхын  ареспубликатә политикатә партиа  "Аԥсны акзаара" Аҟәатәи аҟәша ахантәаҩыс  ахаша ԥхынҷкәын 2 рзы, апартиа ақалақьтә ҟәша аконференциа аҿы.

"Ҳара еиҳагьы инарҵауланы ҳрызнеилоит апартиа алахәхара иазку азҵаарақәа. Иара аус аулоит есымша, алхрақәа аныҟоу заҵәык акәымкәа, иҟоу аҭагылазаашьа иашьклаԥшлароуп, аидеиа ҿыцқәа аԥсҭазаара рыҭалатәуп, апартиа аҿаԥхьа иқәгыло аҳасабтәқәа рыӡбареи ахықәкқәеи рынагӡара рҿы. Аҟәатәи ақалақьтә еилазаара аҟәша аҳасабтәқәа – уи апартиа аҳасабтәқәа роуп.Ҳара аиҿцәажәара заҵәык азы акәӡам ҳзаарту, ҳара ҳашәқәа аартуп аидеиақәа, ахышыҩзышьҭрақәа, апроектқәа змоу зегьы рзы", — иҳәеит Манаргиа.

Аизарахь ааԥхьара змаз Аԥсны аекономикатә ҿиара ареспубликатә партиа ахантәаҩы Беслан Быҭәба иазгәеиҭеит апартиатә система ареспубликаҿы акыр шаҵанакуа.

Аполитикатә партиа "Амцахара" ахантәаҩыс далхуп Алхас Кәыҵниа

"Партиада изыҟалом аимадара ажәлари аиҳабыреи рыбжьара. Аладантә аҩада иара убас аҩадантә алада ирыбжьагылоу акакәны иҟоуп", – иҳәеит Быҭәба.

Аконференциа аҿы иара убас еицҿакны иалхын Ареспубликатә политикатә партиа "Аԥсны акзаара" Аҟәатәи аҟәша ахантәаҩы ҩыџьа ихаҭыԥуаҩцәеи ахеилак алахәылацәеи.

Алхас Манаргиа иажәақәа рыла, хара имгакәа ихыркәшахоит апартиа арегионалтә хәҭақәа рышьақәгылара, ари ашықәс нҵәаанӡа имҩаԥгахоит 6-тәи Арепубликатә политикатә партиа "Аԥсны акзаара" аизараду, уаҟа иалххоит аполитсовет иҿыцу аилазаареи апартиа ахантәаҩи.

Ажәабжьқәа зегьы
0