Асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә еицлабра "Аамҭеи ацәаҳәақәеи" мҩаԥысит

© Sputnik Бадрак АвидзбаБатала Џьапуа исахьа.
Батала Џьапуа исахьа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵаҿы актәи аԥхьахәтә ҭыԥ ааникылеит Баҭал Џьапуа. Иусумҭа "Акомпозициа" азы ианашьан 50-нызқь мааҭ аԥара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Апснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥшьгарала, имҩаԥысит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа "Аамҭеи ацәаҳәақәеи". Уи азкуп Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса ихыҵра аҳаҭыр.

© Sputnik Бадрак АвидзбаАндреи Амԥар иусумҭа
Работа Андрея Ампар. - Sputnik Аҧсны
Андреи Амԥар иусумҭа

Ацәыргақәҵа аартуа, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнак Гәрам Амқәаб иазгәеиҭеит, афонд имҩаԥнаго аусурақәа ртәы. Уи еиҿнакааз ацәыргақәҵа аҵакы ӷәӷәа шамоу.

"Зегь раԥхьа иргыланы афонд ахықәкы хадақәа  ируакуп Аԥсны аекономикеи, адемографиеи иахьынӡалшо ацхыраара аҭара, иара убас, аԥсуа бызшәа, аԥсуа  культура, аԥсуа ҵас, ақьабз, аԥсуара аӡыргара, уи аҳәаақәа арҭбаара. Ҳаԥсуа сахьаҭыхыҩцәа, ҳмилаҭтә культура аизҳазыӷьараҿы  иааныркылоит рхатә ҭыԥ ҷыда", — иҳәеит Гәрам Амқәаб.

Анаҩс, ажәа змаз аҟазаҭҵааҩы Елена Лабахәуаԥҳа ҭабуп ҳәа ралҳәеит афонд ахадареи ахаҭарнакцәеи еиҿыркааз ацәыргақәҵазы.

© Sputnik Бадрак АвидзбаРуслан Чхамалиа иусумҭа
Работа Руслана Чхамалия. - Sputnik Аҧсны
Руслан Чхамалиа иусумҭа

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гәогәуа иқәгылараҿы иҳәеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәареи, ихьӡ лашеи, ес ииуа ишрыциуа. Ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы, ихатә лагала ду шыҟаиҵаз. Ҳаԥсуа жәлар рҭоурых хьтәы нбанла дшанхалаз.

"Ҳара ҳфонд аԥшьгарала, аԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп Владислав Григори-иԥа игәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа реиҽкаара. Аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, зыжәлари зыԥсадгьыли рыбзиабара иаԥсахаз,  Владислав Арӡынба, хымԥада, ихьӡ наунагӡа иҳацзаауеит", — иҳәеит Сонер Гәогәуа ацәыргақәҵа  аҵакы далацәажәо.

Аԥсуа  сахьаҭыхыҩцәа  рцәыргақәҵатә еицлабра "Аамҭеи ацәаҳәақәеи" зхы алазырхәыз асахьаҭыхыҩцәа зегьы, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахьӡала иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа. Иара убас, иалкаан рыӡбахә ҳәан аԥхьахә ҭыԥқәа ирыԥсахаз.

Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ахаҭарнакцәа усуратә визитла Ҭырқәтәыла иаҭааит - Sputnik Аҧсны
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥсышәала ажурнал ҿыц ҭнажьуа иалагоит

Акомиссиа алахәцәа иҟарҵаз алкаала, ахԥатәи аԥхьахә даԥсахеит Руслан Чхамалиа. Ианашьан 20 нызқь мааҭ аԥара.

Аҩбатәи аԥхьахә даԥсахеит Адгәыр Амԥар. Ианашьан 30 нызқь мааҭ.

Актәи аԥхьахәтә ҭыԥ ааникылеит  Баҭал  Џьапуа. Иусумҭа "Акомпозициа" азы ианашьан 50нызқь мааҭ аԥара.

Ацәыргақәҵа иалахәыз зегьы "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" анапхгара еиҿыркааз аусмҩаԥгатә азы ҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0