ГАГРА, ԥхынҷкәын 3 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи амаршрутқәа рзы автобус ҿыцқәа ааган Голландиантәи. Автобусқәа 32 тәарҭа ҭыԥ рымоуп, зынӡа атранспорт иакратәы иҟоуп 90-ҩык апассаџьырцәа, ирықәшәоит иахьатәи ҳаамҭа иашьашәало аҭахрақәа. Араҟа ишьақәыргылоуп асплит система, авидео хылаԥшра.
Убас атранспорт маншәалоуп апассаџьырцәа анақәтәоуи ианлыбаауои иахьылаҟәои азы, асаркьа дуқәа ракәзар амҩа иқәу игәы арҿыӷьуам, адәы дықәԥшуа иҭыԥ аҟны днеиуеит.
Гагра араион ахадара аиҳабы Беслан Барцыц, автобусқәа Голландиантәи ианаа хаҭала ибеит урҭ ртехникатә ҭагылазаашьа. Пассаџьырк иаҳасабала ақалақь агәҭа далсит.
"Ақалақьтә транспорт ахархәара аамҭа иҭысхьеит. Ҳара ҳҿаԥхьа иқәгылан атранспорт арҿыцра. Убри аҟнытә ҵыԥхтәи ашықәс азы абиуџьет анҳадаҳкылоз иаҳарбеит арҭ аҩ-втобуск раахәара. Иахьа дара ҳнапаҿы иҟоуп, иазыхиоуп ауааԥсыра рныҟәгара. Арҭ автобусқәа ҳхатә ԥарала иаахәоуп, агәра шәсыргоит ҳаԥхьаҟагьы ҳамчала Гагра араион абзазара аиӷьтәра шҳалҳаршо", — иҳәеит араион ахада.
Гагра араион автотранспорттә еилакы аиҳабы Рудольф Бардахчиан иажәақәа рыла, арҭ автобусқәа ирыбзоураны аҭыԥантәи ауааԥсыра рынаиааира акырӡа иманшәалахоит. Дара дәықәҵахоит абарҭ амаршрутқәа рыла: Нарҭаа рашҭантә Пицундаҟа, уантәи Лӡааҟа, егьи Нарҭаа рашҭантә Бзыԥҭа аҳаблахь.
"Автотранспорттә еилакы аусура атәы уҳәозар, иазгәаҭатәуп араион аҟны ареисқәа шымҩаԥырго ақалақьтә автобусқәа ԥшьбеи, ақалақь анҭыҵтәиқәа ԥшьбеи ақалақьбжьаратәқәа хәбеи. Урҭ рнаҩс 11 транспорт ашколхәыҷқәа наргааргоит. Иахьазы иазхом даҽа транспортк, ақалақь ахәбатәи аиланхарҭантә Нарҭаа рашҭанӡа ицо. Хара имгакәа уи апроблема ӡбатәуп, иаахәатәуп даҽа втобуск", — ҳәа азгәеиҭеит Рудольф Бардахчиан.