Амҩаду "Ԥсоу-Егры" аҟны иаартуп амилициа рпост ҿыц

© Sputnik Томас ТхайцукАмлициа аусзуҩцәа. Аҩадатәи Ешыра апост аҿы.
Амлициа аусзуҩцәа. Аҩадатәи Ешыра апост аҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада идҵала Аҩныцҟатәи аусқәа рминистрра аусура хацнаркит амҩатә шәарҭадара ахылаԥшра аҭаразы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3, Sputnik. Аиҭашьақәыргылареи атехникатә еиқәыршәара ҿыци рышьҭахь аусура иалагеит амилициатә пост "Холодная речка", ҳәа аанацҳауеит Аҩныцҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Адыррақәа рыла Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа рмаҵзуратә напынҵақәа нап ддыркхьеит.

Автотранспорт аныҟәара ашәарҭадаразы еиҳа иуадаҩу амҩахәҭақәеи амҩеихдақәеи рҟны аусурақәа хацыркуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба инапынҵала.

"Астационартә постқәа русзуҩцәа русура азырхоуп амҩатә ныҟәарақәа рыԥҟаррақәа реилагаҩцәа раанкыларазы. Аусура алагамҭаз аусзуҩцәа иахәҭаны иҟоу абжьагарақәа роуеит, адырра рырҭоит ареспубликаҟны аҭыԥ змаз ацәгьоурақәеи, урҭ ҟазҵаз ахаҿқәеи рганахьала ироуа адыррақәа инарықәыршәаны дара урҭ раанкылареи рыԥшаареи рҽазыршәоит", — ҳәа азгәаҭоуп асаит аҟны.

Иаарласны аусура иалагараны иҟоуп Очамчыра араион Аҽгәаратәи апост аиҭашьақәыргыларазы техникала аиқәыршәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0