Аҵарауаа "Мона Лиза" иаҵаҵәахыз аҽа портреҭк рыԥшааит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Гени да Винчи" ицәыргақәҵа Санкт-Петербург аҿы.
Гени да Винчи ицәыргақәҵа Санкт-Петербург аҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа Леонардо да Винчи ишедевр иаҵаҵәахыз асахьеи иареи еиԥшым – уи амодель ирылаҵәоу амаӡа ԥышәырчча лҿықәым.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8, Sputnik. Еицырдыруа Леонардо да Винчи ишедевр иаҵаҵәахыз аҽа сахьак иԥшааит афранцыз ҵарауаҩ Паскаль Котт, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости (Би-би-си аҳәамҭала).

Паскаль Котт ихы иаирхәеит асахьақәа рыҭҵааразы иуникалу афотокамера. Иоуз адыррақәа жәашықәса рҟынӡа аус рыдиулон.

Аҵыхәтәан иаарԥшхеит аҽа портреҭк — араҟа амодель 500 шықәса раахыс ауаа хызхуа, ирылаҵәоу амаӡа ԥышәырчча лҿықәым, аганахь лылаԥш хоуп.

Аҵыхәтәантәи ашәышықәсабжа "Мона Лиза" еиуеиԥшым анаукатә експериментқәа ахыргахьан. Паскаль Котт иҳәеит ихы иаирхәаз аппаратура инарҵаулаӡаны агәаҭара алзыршо акәны ишыҟоу.

"Уажәшьҭа ҳара иҳалшоит ашәыгақәа рыҵаҟа иҟоу аҭаԥшыхәра. Иҳалшоит асахьа аԥҵара аамҭа-аамҭала аетапқәа рышьақәыргылара", ҳәа афранцыз ҟазараҭҵааҩ иажәақәа еиҭанаҳәоит Би-би-си.

Ҳәарада аҵарауаа зегьыҵәҟьа ақәшаҳаҭым Паскаль Котт иҟаиҵаз алкаақәа. Џьоукы аҟазараҭҵааҩ илкаақәа "ашәышықәса иаҭоурыхуп" ҳәа иршьозар, иҟоуп "Мона Лиза" ахаангьы "Мона Лиза" акәны иаанхоит зҳәо.

Лувр аҟны мап ацәыркит Паскаль Котт иҳәамҭа ахҳәаақәа аҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0