Афинансқәа рминистрра: аказначеирахь ииагоуп абиуџьеттә еиҿкаарақәа 15

© Sputnik / Томас ТхайцукАимнистрцәа реилазаара.
Аимнистрцәа реилазаара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс азы аказначеитә маҵзурахьы ииагоуп абиуџьеттә еиҿкаарақәа 15. 2016 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоуп абри апроцесс ахыркәшара, ҳәа аанацҳауеит атәыла Афинансқәа рминистрра.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. 2015 шықәса ԥхынҷкәынмза аламҭалаз "апилоттә проект" аҳәаақәа ирҭагӡаны аказначеиратә маҵзурахьы ииаргеит абиуџьеттә еиҿкаарақәа 15, ҳәа аанацҳаит Афинансқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Аҳәынҭструктурақәа, аказначеиратә маҵзурахьы ииаргаз рахь иаҵанакуеит атәыла Ахада Иусбарҭа, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа, Афинансқәа рминистрра иара убасгьы ареспублика акапиталтә ргылара Аусбарҭа, аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи ахатәтәреи рзы Аҳәынҭеилакы, аҿартә политиказы Аҳәынҭеилакы, арепатриациазы Аҳәынҭеилакы, афизкультуреи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы.

Аԥсны афинансқәа рхылаԥшразы аформа ҿыц аԥҵоуп

Аусбарҭа ахаҭарнак иажәақәа рыла 2016 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоуп егьырҭ абиуџьеттә процесс иалахәу аиҿкаарақәагьы ари асистемахь риагара. Убри ала ҽааны ихыркәшахоит апроцес амҩаԥгара.

Уаанӡа аинтервиу ҳаҭо Афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иҳәахьан аказначеитә системахь аиагара иалнаршоит аныхрақәа иаартны рбара ҳәа. Иара иажәақәа рыла аказначеира ахылаԥшра анаҭалоит абиуџьеттә ныхрақәа зегьы рымҩаԥысшьа.

Ари асистема ахылаԥшра азнауеит абиуџьеттә ресурсқәа рхырхарҭақәа рыҩбагь – алагалеи аныхреи иаку аԥхьаӡаратә дырранҵаҟны. Иара убри ала еиқәнаршәоит иаку акасса апринцип.

Аказначеира еиқәнаршәоит абиуџьет алагалақәа зегьы рарбара, ишьақәнарӷәӷәоит абиуџьеттә хыдҵақәа, абиуџьеттә хыдҵақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аныхрақәа рлимит шьақәнаргылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0