АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахаша, ԥхынҷкәын 16 рзы Рауль Ҳаџьымба диԥылеит арегионал-економикатә интеграциазы Урыстәыла Апрезидент иабжьагаҩ Сергеи Глазиев. Аиԥылараҟны Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аԥсны аекономикатә ҿиара амҩа ианыларц азы аҭагылазаашьақәа аԥҵалатәуп ҳәа.
Урыстәылатәи аделегациа Аԥсныҟа иааит Жәларбжьаратәи афорум "Евразиатәи аинтеграциатә процессқәа рконтекст ала Аԥсны астратегиатә ҿиара" аҽалархәраз.
"Сгәы иаанагоит иахьатәи аиԥылара алҵшәақәа ахәшьара бзиа роуп ҳәа. Иара убри аан ҳастратегиаҟны иаҳарбаз анагӡаразы аус бзиан иулатәуп, уи акраамҭагьы аҭахуп", — иҳәеит атәыла Ахада.
Аԥсны имҩаԥысуа афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны иӡырнагоит Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аус зыднаулаз "2025 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара астратегиа".
Сергеи Глазиев иазгәеиҭеит Аԥсны имҩаԥысуа афорум аҽалархәразы арахь ишааз зҟазара ҳараку азанаҭуаа.
"Арахь иааит аекспертцәа шьахәқәа ркоманда. Ҳара, амакроекономика аусхк аҟны аекономикатә ҿиара азҵаарақәа аус рыдызуло азанааҭуаа аагеит. Убри инадҳәаланы аилацәажәара хра аманы иҟалап ҳәа агәаанагара сымоуп", — ҳәа агәрагара имоуп Глазев.
Абжьагаҩ иазгәеиҭеит аекономикатә ҿиара астратегиа анагӡара Аԥсназы даара аҵакы аман иҟоуп ҳәа.
"Убри азы иахәҭаны иҟоу амеханизмқәа ҳазхом. Урыстәыла ҳҽазаҳшәоит акредиттә инструментқәа реиҿкаара. Иахьа абра иҟоу ауаа абри атематикала аусура иаҿуп. Зегь раасҭа ихадоу астратегиа ақьаад аҟны инымхар ауп", — ҳәа иԥхьаӡоит Глазиев.
2025 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара астратегиа х-етапкны аус аулоит. Аконцепциа иҳәаақәнаҵараны иҟоуп асоциал-економикатә усхк аҟны азҵаарақәа рыӡбразы аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хадақәа.