Аԥсаҵлазы ахәмаргақәа рыҟаҵара

Анапаҵаҩра
Асаркьа иалху аԥсаӡ хәмаргақәа рыҟаҵара акыр иуадаҩуп, аха уздызхалоу усуп. Аҟәа иҭрыжьуеит амилаҭ тематика зныԥшуа анапылаҟаҵара хәмаргақәа.

Асаркьа иалху аԥсаӡ хәмаргақәа рыҟаҵара акыр иуадаҩуп, аха уздызхалоу усуп. Аҟәа иҭрыжьуеит амилаҭ тематика зныԥшуа анапылаҟаҵара хәмаргақәа.

Адунеи аҟны аԥсаӡ хәмаргақәа ахьыҟарҵо афабрикақәа реиҳарак автоматқәа роуп иҟазҵо, изырԥшӡо, анапылалых иацәхьаҵхьеит. Иара асаркьа ахаҭагьы ахархәара еиҳа еиҵатәуп, иԥымҽуа аматериалқәа ирылырхуеит ахәмаргақәа. ус шакәугьы иҟоуп ажәытә традициақәа ирыцәхьамҵуа. Хәышықәса раԥхьа Аҟәа иаадыртыз ацех аҟны асаркьаҟазацәеи асахьаҭыхыҩцәеи напыла иҟарҵоит аԥсаӡ хәмаргақәа.

"Асаркьа аус адулара уҵарц шықәсык узхозар, иара аҟазара ахаҭа анапахьы аагара уԥсҭазаара зегь ақәурӡыр ауп", — иҳәоит аҟаза.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсаӡ хәмарга арҿиара хацдыркуеит асаркьаҟаҵарҭаҿ. Араҟа аҟазацәа асаркьатә шәырақәа дырҭәоит нас ҳауала ампышҭа дырчуеит
Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
1/13
Аԥсаӡ хәмарга арҿиара хацдыркуеит асаркьаҟаҵарҭаҿ. Араҟа аҟазацәа асаркьатә шәырақәа дырҭәоит нас ҳауала ампышҭа дырчуеит
© Sputnik / Томас ТхайцукАсаркьатә шәыра амца иахакны ишалшо ала ирԥхатәуп. Аамҭа уҽҭоумыгӡар, заа иахугар ма иукцәар ашәыра ԥхасҭахоит
Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
2/13
Асаркьатә шәыра амца иахакны ишалшо ала ирԥхатәуп. Аамҭа уҽҭоумыгӡар, заа иахугар ма иукцәар ашәыра ԥхасҭахоит
© Sputnik / Томас Тхайцук

"Асаркьа аус адулара уҵарц шықәсык узхозар, иара аҟазара ахаҭа анапахьы аагара уԥсҭазаара зегь ақәурӡыр ауп" - иҳәоит аҟаза.


Асахьаҟны: Алик Елбакиев

Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
3/13

"Асаркьа аус адулара уҵарц шықәсык узхозар, иара аҟазара ахаҭа анапахьы аагара уԥсҭазаара зегь ақәурӡыр ауп" - иҳәоит аҟаза.


Асахьаҟны: Алик Елбакиев

© Sputnik / Томас ТхайцукАсаркьатә цәыблақәа апрофессионалцәа "голье" ҳәа иашьҭоуп. Арахь иҭарҵо ампышҭқәа малырк рымамкәа иҟазароуп.
Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
4/13
Асаркьатә цәыблақәа апрофессионалцәа "голье" ҳәа иашьҭоуп. Арахь иҭарҵо ампышҭқәа малырк рымамкәа иҟазароуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи аԥсаӡ хәмаргақәа амолибдентә саркьа иалырхуеит. Иара дырҭәоит 600˚С.иреиҳамкәа
Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
5/13
Аҟәатәи аԥсаӡ хәмаргақәа амолибдентә саркьа иалырхуеит. Иара дырҭәоит 600˚С.иреиҳамкәа
© Sputnik / Томас ТхайцукИрхиоу асаркьа цәыблақәа ашәрахьы инарышьҭуеит. Акрил иӡаашьны идырбоит. Еиҳа еиӷьхарц азы апроцедура изныкымкәа имҩаԥыргоит
Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
6/13
Ирхиоу асаркьа цәыблақәа ашәрахьы инарышьҭуеит. Акрил иӡаашьны идырбоит. Еиҳа еиӷьхарц азы апроцедура изныкымкәа имҩаԥыргоит
© Sputnik / Томас ТхайцукЗегь раасҭа аинтерес зҵоу асахьаҭыхыҩцәа русуроуп. Араҟа ахәмаргақәа асахьақәа рнырҵоит. Еиҳа иргәаԥхоны иҟоу амилаҭ матив змоу асахьақәа роуп. Аҳәынҭусбарҭақәа аҳәынҭқарратә символика зну ахәмаргақәа аҿарҵалоит
Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
7/13
Зегь раасҭа аинтерес зҵоу асахьаҭыхыҩцәа русуроуп. Араҟа ахәмаргақәа асахьақәа рнырҵоит. Еиҳа иргәаԥхоны иҟоу амилаҭ матив змоу асахьақәа роуп. Аҳәынҭусбарҭақәа аҳәынҭқарратә символика зну ахәмаргақәа аҿарҵалоит
© Sputnik / Томас Тхайцук

Хәмаргак ишәырц азы асахьаҭыхыҩ 15 минуҭ инаркны мышкы ахы-аҵыхәанӡа аамҭа иҭахуп. Асахьа ауадаҩроуп аамҭагь шьақәзыргыло


Асахьаҟны: Альдона Адлеиԥҳа.

Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
8/13

Хәмаргак ишәырц азы асахьаҭыхыҩ 15 минуҭ инаркны мышкы ахы-аҵыхәанӡа аамҭа иҭахуп. Асахьа ауадаҩроуп аамҭагь шьақәзыргыло


Асахьаҟны: Альдона Адлеиԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәмаргақәа дара дара еиԥшым. Атрафарет сахьа ананырҵогьы напыла иахьыҟарҵо инамадан еиԥшыҵәҟьоу хәмарга ҟалаӡом.
Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
9/13
Ахәмаргақәа дара дара еиԥшым. Атрафарет сахьа ананырҵогьы напыла иахьыҟарҵо инамадан еиԥшыҵәҟьоу хәмарга ҟалаӡом.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхәмаргақәа рдизаин акыр иазхьаԥшуеит.
Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
10/13
Ахәмаргақәа рдизаин акыр иазхьаԥшуеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук"Аус алҵшәа аиурц - бзиа иубозароуп. Ҳара аԥарарҳара акәӡам ҳхызхуа. Аусоуроуп", - иҳәоит афирма адиректор Даур Гәынба.
Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
11/13
"Аус алҵшәа аиурц - бзиа иубозароуп. Ҳара аԥарарҳара акәӡам ҳхызхуа. Аусоуроуп", - иҳәоит афирма адиректор Даур Гәынба.
© Sputnik / Томас ТхайцукИрхиоу аалыҵ иаарласны аахәаҩ иҟынӡа инеиуеит, Аԥсны атәылауаа рыԥсаӡқәагьы дырԥшӡоит.
Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
12/13
Ирхиоу аалыҵ иаарласны аахәаҩ иҟынӡа инеиуеит, Аԥсны атәылауаа рыԥсаӡқәагьы дырԥшӡоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАӡынтәи Риҵа аԥсаӡ хәмаргаҟны. Ари еиԥшу ахәмарга Аԥсны заҵәык ауп иааухәар ахьулшо.
Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
13/13
Аӡынтәи Риҵа аԥсаӡ хәмаргаҟны. Ари еиԥшу ахәмарга Аԥсны заҵәык ауп иааухәар ахьулшо.
Ажәабжьқәа зегьы
0