АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 — Sputnik. Сириа Аԥсны азханаҵар оумашәа ибатәӡам иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба.
Иара иажәақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Сириа Ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддад иԥылараан ирылацәажәан ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәеи Аԥсныҟа сириатәи аԥсуаа рырхынҳәра азҵаарақәеи. Адипломатцәа алацәажәон арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа ааидкылан.
"Ҳәарада ҳазҭагылоу аамҭазы, аибашьра анцо ирацәоуп зынагӡара алшоны иҟоу аспектқәа. Ус шакәугьы ирылацәажәан ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа. Уи Сириа Аԥсны азхаҵараҟынӡа инанаго инанамго аҳәара уадаҩуп. Ҳәарада, уи зусу сириатәи аган ауп", — иҳәеит Чрыгба.
2008 шықәса нанҳәамзазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра атәы рыларҳәеит. 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеит аҩ-республикак рсуверинитет.
Иахьатәи аамҭазы ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵара амоуп Никарагуа, Венесуела, Науру рганахьала. Уаанӡа Аԥсны азхарҵарц аҳәара нанашьҭхьан Кубеи Латынтәи Америка атәылақәаки рпарламентқәа рахь.