Амқәаб: Аԥсни Крыми рыбжьара апасаџьыртә мҩангара ҟалар ауеит

© SputnikПресс-конференция премьер-министра Абхазии Артура Миквабия
Пресс-конференция премьер-министра Абхазии Артура Миквабия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб Симферополь апресс-конференциа мҩаԥигеит ԥхынҷкәын 21 рзы ашәахьа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсни Крыми рыбжьара апасаџьыртә мҩангара ҟалар ауеит, иҳәеит Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб, Симферополь имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы.

"Шәареи ҳареи ҭоурыхк ауп иҳамоу.Сгәы иаанагноит ҳаԥхьаҟагьы ҳаицызароуп ҳәа. Адунеи аҿы имҩаԥысуеит даара иуадаҩу апроцессқәа. Ҳҽеидаҳкылар еиҳагьы иаҳзымариахоит анаҩстәи ауадаҩрақәа риааира", ҳәа азгәеиҭеит Амқәаб.

Иара иажәақәа рыла, апасаџьыртә мҩангара иадҳәалоу азҵаарақәа рынагӡаразы аӡбарақәеи аиҿкаарақәеи ҟалоит.

"Ҳара еилаҳкаауеит аиҿцәажәарақәа шхымԥадатәиу. Уаанӡа Аԥснынтәи Крымҟа иныҟәон идуу аокеантә лаинерқәа", — иациҵеит уи.

Иара убас аԥыза-министр ииҳәеит  аԥсуа хәыҷқәа ԥсшьара ҳәа ахәыҷтәы лагерь "Артек" ишаҭаало.

Симферополь имҩаԥысит Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб ипресс-конференциа, иара Крым даҭааны дыҟоуп аофициалтә визитла ԥхынҷкәын 20-22 рзы.Аусмҩаԥгатә иара убас ихы алаирхәит Ареспублика Крым аминистрцәа Рсовет ахада ихаҭыԥуаҩ — Ареспублика Крым есымшатәи ахаҭарнак Урыстәылатәи Афедерациа ахада иҿы иҟоу Георги Мурадов.

Ажәабжьқәа зегьы
0