Акциа "Аҵаа Бабадус уҟала" мҩаԥысуеит Аԥсны

© Sputnik Анжелика БенияАгәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа, "Аҵаа Бабадус уҟала"
Агәыҳалалратә фонд Ашана акциа, Аҵаа Бабадус уҟала - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Аҵаа Бабадус уҟала" аҳәаақәа ирҭагӡаны еизго аҳамҭақәа рырҭараны иҟоуп Афонд "Ашана" 2015 шықәса рзы ацхыраара знаҭаз ахәыҷқәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын25 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аусуҩцәеи аволантиорцәеи имҩаԥыргоит акциа "Аҵаа Бабадус уҟала".

Шьыжьнаҵы урҭ ршара иалагоит ахәыҷқәа зыҳәаз аҳамҭақәа.

Ахәыҷқәа ракәзар Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи дыргәырӷьоит ражәеинраалақәеи, рашәақәеи, рыкәашарақәеи рыла. Заҟа гәырӷьара ацыз ахаа-мыхаақәа рышьҭахь Аҵаа Бабаду имакәан ргәы ззыҳәоз аконструкторқәа, акьанџьақәа, акьанџьа ҩнқәа, амашьынақәа ааҭыган ианриҭоз.

© Sputnik Анжелика БенияАгәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа "Аҵаа Бабадус уҟала".
Акция КБФ Ашана. Стань Дедом Морозом. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа "Аҵаа Бабадус уҟала".

Аҵаа Бабаду – Аида Барганџьиаԥҳа илҳәоит аҳамҭақәа ршара даара агәахәара ду шунаҭо.

"Игәырӷьо ахәыҷқәа рыблақәа рхыԥшылара еиҳау насыԥс иҟоузеи? Ҳара иаҳҭаху ахәыҷқәа рыԥсҭазаараҟынтәи ачымазара наӡаӡа иналҵны ицарц ауп".

Никита Самоилов Аҵаа Бабаду иԥылара иҽазырхианы дыҟан. Ажәеинраалақәа дрыԥхьеит, дкәашеит, аҩнтәи иԥсыӡқәа дирбеит.
Никита иан Лена илҳәеит аоперациа ашьҭахь Никита ихы бзианы ишибо.

© Sputnik Анжелика БенияАгәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа "Аҵаа Бабадус уҟала".
Акция КБФ Ашана. Стань Дедом Морозом. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа "Аҵаа Бабадус уҟала".

"Аҳақьымцәа ражәақәа рыла Никита аҵыхәтәантәи аоперациа изыҟарҵеит. Агәаҭараан еилагарак рымбар, игәабзиара уаҳа малырк амамкәа иҟалоит", — лҳәеит лара.

Афонд "Ашана" апроектқәа равтор Сабина Зыхәԥҳа иҳалҳәеит акциа "Аҵаа Бабадус уҟала" абар, уажәшьҭа ԥшьышықәса ишрықәу имҩаԥысуеижьҭеи.

"Традициала ашықәс абасеиԥш иҟоу акциала ихҳаркәшоит. Акциа "Аҵаа Бабадус уҟала" абар, уажәшьҭа ԥшьышықәса ирықәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Ҳара зегь гәахәарыла еидаҳкылон аҳамҭақәа. ахәыҷқәа реиԥш ҳара ҳазгьы агәыхыҭхыҭра аҵоуп ҳусмҩаԥгатә", — лҳәеит Зыхәԥҳа.

Акциа "Аҵаа Бабадус уҟала" аҳәаақәа ирҭагӡаны еизго аҳамҭақәа рырҭараны иҟоуп Афонд "Ашана" 2015 шықәса рзы ацхыраара знаҭаз ахәыҷқәа. Аҳамҭақәа еизыргон ԥхынҷкәын 3 инаркны23 рҿынӡа.

© Sputnik Анжелика БенияАгәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа "Аҵаа Бабадус уҟала".
Акция КБФ Ашана. Стань Дедом Морозом. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа "Аҵаа Бабадус уҟала".

Акциа ахалархәра илшоит изҭаху дарбанызаалак ashanakbf@gmail.com ала, мамзаргьы Вконтакте, Феисбук рҟны афонд администраторцәа адырра рыҭарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0