Инал Арӡынба иганахьала Саакашьвили иҽыԥныҳәақәа ҿаԥҽуп

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМариа Захарова. Архивтә фото.
Мариа Захарова. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Апрезидент ицхырааҩ Владислав Суркови Апрезидент Иусбарҭа апрофильтә усбарҭа абжьагаҩ хада Инал Арӡынбеи рганахьала Саакашьвили иҽыԥныҳәақәа ҵаҵӷәыдоуп, ихыҭҳәаауп, ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25, Sputnik. Одессатәи аобласт агубернатор Михаил Саакашьвили ишьақәирӷәӷәоит Апрезидент Иусбарҭа апрофильтә усбарҭа абжьагаҩ хада Инал Арӡынба Одесса асепаратизм амца аҵеиҵоит, ҳәа иҳәоу иашам, иҽыԥныҳәақәа ҵаҵӷәыдоуп, ихыҭҳәаауп, ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова, ԥхынҷкәын 24 рзы имҩаԥысуаз абрифинг аҟны.

"Ҳара Саакшьвили ииҳәо рацәак хырҩа аҳҭом, аха иара дмаҵзурауаҩуп, дчиновникуп", — лҳәеит лара.

Захарова иазгәалҭеит украинатәи апрокуратура Урыстәыла атәылауаҩ Инал Арӡынба иганахьала ашьаус шхацнаркыз, иара Украина аҳәынҭқарратә ҳәаа аиҭакреи исуверентәу аҳәынҭқарратә еиҿкаара "Бессарабиа" изакәанымкәа аԥҵареи рышьаҭақәа азирхион, иара убасгьы атеррористтә еиҿкаара "ДНР" далахәылоуп, ҳәа ахара идҵаны.

Одесса аспецназ ҿыц аӡыргараан Саакашьвили ажурналистцәа иреиҳәеит Украина аҳәынҭқарратә ҳәаа аиҭакреи исуверентәу аҳәынҭқарратә еиҿкаара "Бессарабиа" изакәанымкәа аԥҵареи рышьаҭақәа азирхион Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа апрофильтә усбарҭа абжьагаҩ хада Инал Арӡынба, ҳәа лҳәеит Захарова.

"Ари зегь ансаҳа исҭаххеит Инал Арӡынба хаҭала идырра. Дсупермензаап. Зхала Украина аҳәаақәа рыԥсахра зылшо, аҳәынҭқарра ҿыц аԥҵара зылшо – ҳгәы изыгәдузароуп", — лҳәеит лара.

Урыстәыла Апрезидент ицхырааҩ Владислав Суркови Апрезидент Иусбарҭа апрофильтә усбарҭа абжьагаҩ хада Инал Арӡынбеи рганахьала Саакашьвили иҽыԥныҳәақәа ҵаҵӷәыдоуп, ихыҭҳәаауп, ҳәа еиҭалҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

Ажәабжьқәа зегьы
0