Гагратәи аԥсаӡ хада аҿаԥхьа аныҳәа мҩаԥган

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи аԥсаӡ хада
Гагратәи аԥсаӡ хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь асасааирҭа "Абхазиа" ашҭаҟны имҩаԥысит Ашықәс ҿыц иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 28 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Асасааирҭа ашҭа рхиан Ашықәс ҿыц аныҳәа иашьашәало. Уи аҽны арахь иааит хыԥхьаӡара рацәала ақалақьуааи асасцәеи. Убла хызкуаз 12 метра иҟаз, еиуеиԥшым ахәмаргақәеи алашарбагақәеи рыла ирхиаз аԥсаӡ иақәшеит хәыҷи дуи.

Агәырӷьаратә усмҩаԥгатә атәы уҳәозар, уи ҽакы еиԥшымызт. Аныҳәа еиҿкаан амузыкатә театр цәаҩа аманы.

Ан лымш азгәарҭеит Гагра

Еизаз зегьы ирыдырныҳәалеит Аԥснытәии Урыстәылатәии Аҵаа Бабадуцәа ҩыџьа. Асценари ала, Аԥсныҟа машәыршақә иқәнагалеит аурыс Аҵаа Бабадуи имаҭеи. Зымҩа иахҟьаз ирԥылеит аҭыԥантәи Аҵаа Бабадуи имаҭеи абнатә ԥстәқәеи, дара асасцәа иддырбеит ҳара ҳтәылаҟны Ашықәс ҿыц ишаԥыло.

Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз" ахкынагӡаҩцәа, аестрадатә шәаҳәаҩцәа Ҭемыр Ҭаниа, Хатуна Ҭарба, Џьими Шәманиа, Саида Габниа, Сабрина Ԥкьын, Наур Гәынба, Фатима Цколиа, аныҳәа рхы аладырхәит Гагра араион ашколхәыҷқәагьы гәыԥҩык.

Ашәақәа рзыӡырҩра анаҩс, ауааԥсыра ирыман алшара алакә персонажцәа ирыдгыланы рфото сахьақәа аҭыхра.

Уи аҽны араҟа ихырқәшан, мчыбжьык иалагӡаны Гагра ақалақь аҟны ицоз Ашықәс ҿыцтәи "Аразра" захьӡыз аестафета. Еизгаз аҳамҭақәа Аҵаа Бабаду ирзишеит ахәыҷқәа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ашықәсҿыцазтәи аныҳәа
Гагратәи ашықәсҿыцазтәи аныҳәа - Sputnik Аҧсны
Гагратәи ашықәсҿыцазтәи аныҳәа

Убас аныҳәа иалагӡаны, зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара "Премиум" ахаҭарнакцәа "Кока-кола" иатәу аӡыргаратә машьынақәа рыла ахәыҷқәа ирзааргеит арыжәтә хаа.

Асасааирҭа ашҭаҟны аус руан ашықәс ҿыц иашьашәалоу арԥшӡагақәа ахьырҭиуаз акәакьқәагьы. Араҟа илҵуаз аԥара ахыԥхьаӡалахоит агәыҳалалратә фонд "Ашана".

Иара убас агәыҳалалратә фонд "Белаиа Лилиа" ари аныҳәа иавымсит. Афонд ахаҭарнакцәа ауааԥсыра ирзыршон ачаи акаҳуеи ачыс хаақәеи. Ажәеинраалақәа ирыԥхьоз ахәыҷқәа иранаршьон аҳамҭақәа.

"Сара Аҵаа Бабаду сизаԥхьеит ажәеинраала, иара сирҽхәеит, нас ҳамҭас исиҭеит амашьына. Уажәшьҭарнахыс ажәеинраалақәа рацәаны аҵара салагоит, ҳаԥхьаҟа иҵегь аҳамҭақәа сиҭаразы", — ҳәа дгәырӷьаҵәа иҳәеит хәышықәса зхыҵуа Дамир Ақаҩба.

Аныҳәа аофициалтә ҟәша ашьҭахь асценахь днеит ауаажәларратә усзуҩ, Ашықәс ҿыцтәи "Аразра" захьӡыз аестафета аԥшьгаҩ Реваз Бениа.

"Гагра араион иқәынхо зегьы ирыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц, ирзеиӷьасшьоит агәабзиареи аманшәалареи аҭынчреи. Ари акциа иабзоураны ақалақьуаа гәыԥҩык ирылдыршеит ахәыҷқәа рзы аныҳәа еиҳа иссирны аҟаҵара. Иҭабуп ҳәа расҳәоит аестафета амҩаԥгараҿы ацхыраара сызҭаз Гагратәи ателехәаԥшра аусзуҩцәа. Дара акциа алахәҩы иҟаиҵоз ааԥхьара телехәаԥшрала иддырбон, уи иаанаԥхьон егьырҭ агәаҳәара аазырԥшуаз ақалақьуаа. Иара убас иҭабуп ҳәа расҳәоит, аестафета здызкылоз Гагра араион Ахадара аиҳабыреи ақалақьуааи", — инаҵшьны иазгәеиҭеит Реваз Бениа.

Аныҳәатә программа хырқәшан иблахкыгаз афеирверк ала.

"Сара сгәаанагарала, ас еиԥш ишьахәны аныҳәа Гагра имҩаԥгамижьҭеи акрааҵуан. Иахьа ҳхәыҷқәеи ҳареи акырӡа ҳаигәырӷьеит ҳала иабаз. Аекономикатә аамҭа хьанҭа ҳашҭагылоугьы, араион анапхгара ишахәҭоу еиԥш аныҳәа еиҿыркааит, иҭабуп рааԥсаразы", — лҳәеит ақалақьуаҩ Емма Ԥкьын.

Ашықәс ҿыц иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә еиҿкаан Гагра араион акультура аҟәша амчала, ҷыдала лџьабаа адын акультура аҩны аиҳабы Мадина Бганба. Аусмҩаԥгатә аиҿкаараҿы афинанстә цхыраара ҟанаҵеит Гагра араион Ахадара.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра имҩаԥгаз ашықәсҿыцазтәи аныҳәа
Гагра имҩаԥгаз ашықәсҿыцазтәи аныҳәа - Sputnik Аҧсны
Гагра имҩаԥгаз ашықәсҿыцазтәи аныҳәа

Ажәабжьқәа зегьы
0