Аԥсны ашаеҵәа Москва рнапы лзеинырҟьон

© предоставлено Львом РыжковымП.И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа Азал ду аҟны имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лконцерт.
П.И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа Азал ду аҟны имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лконцерт. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 24 рзы, П.И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа Азал ду аҟны имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лконцерт.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 — Sputnik. Аконцерт ахыԥша шдууз адәаҟынгьы иудырыртә иҟан. Аконсерваториа ахыхь еиҵыхын Хьыбла лпатреҭ зныз абанер ду, абилеҭ абаҳаури ҳәа игылаз арымӡааҩын.

Ахәаԥшыҩцәа акыр ирацәаҩын. Аншлаг захьӡу ыҟан. Араҟа иҟан зықәра акыр инықәсхьаз ауаа хатәрақәа реиԥш аҿаргьы. Иҟан еицырдыруаз ауаагьы, иаҳҳәап Армен Џьигарханиан.

Аконцерт гәыҳалалратә концертын. Абилеҭ иацны ахәаԥшҩы иоуан аконверт. Иара илшон заҟа иҭахыз аԥара аконверт иҭаҵаны аволонтиор-ҭыԥҳа лкорзина аҭаршәра.

Еизыргоз аԥара ахәыҷқәа рыҩнқәа рахь ирышьҭуеит.

Гагратәи аҟазаратә школ - Sputnik Аҧсны
Хьыбла Гьерзмаа Гагратәи аҟазаратә школ миллионки бжаки мааҭ алҭеит

"Ахәыҷқәа ушԥармыцхраауеи", — лҳәеит ахәаԥшыҩцәа руаӡәы – Леила захьӡыз. Аволонтиор Татиана, аекономикатә ҵараиурҭа астудентка илҳәеит алагалақәа ҟазҵо даара ишырацәаҩу. Асценаҟны Хьыбла Гьерзмааԥҳа агәыҳалалратә фонд "Арифметика добра" аиҳабы Роман Авдеев инапаҟны илыркит миллион мааҭк зҭаз аконверт.

Раԥхьаӡа акәны Хьыбла дрыцықәгылон италиатәи атенор Франческо Анилеи Е.Ф. Светланов ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестри (адирижиор Фабио Мастранджело). Инагӡан Верди, Пуччини, Доницетти, Леонкавалло рырҿиамҭақәа.

Азыӡырыҩцәа ршьапы иқәгыланы рнапы еинырҟьон. Хьыбла хынтәны асценахь ддырхынҳәит, доумышьҭуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0