АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны асахьатә галереиа асаит аԥҵахоит 2016 шықәса рзы. Абри атәы ҳкорреспондент илзеиҭалҳәеит Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.
Иааиуа ашықәс азы афондқәа рсахьақәа зегьы цифраркхоит. Ари аус иалагалахоит аремонт ҿыц зызу Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека амыруга ҿыцқәа.
"Иааиуа ашықәс азы ҳара иаԥаҳҵоит Асахьатә галереиа асаит. Иахьазы агалереиа аус ауам, аха ҳара иҳауеит алшара виртуал ҳасабла акәзаргьы Асахьатә галереиа аартра. Афондқәа рҟны иҵәахуп ԥшьнызқь инареиҳаны аусумҭақәа. Урҭ изҭаху ирбартә еиԥш аҭагылазаашьа аҟаҵара акраҵанакуаны иҟоуп зегь рзы", — лҳәеит аминистр.
Ельвира Арсалиаԥҳа ишеиҭалҳәаз ала шықәсқәак раԥхьа аус адулан Пушкин имҩаду аҟны агалереиа ахыбра аргылара апроект, аха иахьагьы аус еиҭамҵыцт.
Аминистр лажәақәа рыла 2016 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоуп Варвара Бубнова лиубилеи азгәаҭараан имҩаԥысраны иҟоу ацәыргақәҵаҟны Асахьатә галереиа афондқәа рекспозициагьы амҩаԥгара.