400-ҩык рҟынӡа ақыҭахәыҷқәа "Асҭыԥҳа" иахәаԥшит

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Асҭыԥҳа".
Аспектакль Асҭыԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика ақыҭақәа рҟынтәи 400-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа Аԥсуа драматә театр аҟны "Асҭыԥҳа" иахәаԥшит, агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" имҩаԥнаго акциа "Подари чудо" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ахаша, ԥхынҷкәын 30 рзы ареспублика ақыҭақәа рҟынтәи 400-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа Аԥсуа драматә театр аҟны "Асҭыԥҳа" иахәаԥшит, агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" имҩаԥнаго акциа "Подари чудо" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ақыҭахәыҷқәа реиҳараҩык атеатр ахь имаацызт, ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәагьы ирыладмырхәыцызт, ҳәа еиҭалҳәоит "Кьараз" ахаҭарнак Елеонора Гилоиан.

"Ҳара иаҳҭахын арҭ ахәыҷқәа зеигәырӷьаша, илашоу џьара акы дырбара. Ахәыҷқәа реиҳараҩык рзы ашықәсҿыц аламҭалазтәи аџьашьахәыра маӡак иаҩызан, ирымбацызт. Ахәыҷқәа зегьы усеиԥш алшара рымазароуп", — лҳәеит Гилоиан.

Ахәыҷқәа ахәаԥшит Александр Островски ипиесала иқәыргылоу аспектакль "Асҭыԥҳа". Аспектакль апремиера мҩаԥысит ԥхынҷкәын 24 рзы. Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа.

Ахәаԥшцәа хәыҷқәа "Кьараз" аҟынтәи аҳамҭақәа роуит.

"Ҳара ҳусаҿ ҳауаажәлар рыдгылара ҳныруеит. Мчыбжьык инеиҳаны аҳамҭақәа еизаагон. Ауаа даара активла рхы аладырхәит. Ҳара зегьы ҳҽеибаркны арҭ ахәыҷқәа аныҳәа рзаԥаҳҵон", — лҳәеит Гилоиан.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
1/5
Аспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
© Sputnik / Томас ТхайцукАспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
2/5
Аспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
© Sputnik / Томас ТхайцукАспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
3/5
Аспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
© Sputnik / Томас ТхайцукАспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
4/5
Аспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
© Sputnik / Томас ТхайцукАспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
5/5
Аспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
1/5
Аспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
2/5
Аспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
3/5
Аспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
4/5
Аспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.
5/5
Аспктакль "Асҭыԥҳа" апремиера.

Афонд асиақәа рҟны 70 ҭаацәа арбоуп. Урҭ зегьы ацхыраара рырҭахьеит.

Афонд "Кьараз" шьаҭаркуп 2015 шықәса мшаԥымзазы. Аиҿкаара аусура хацнаркит аволонтиортә акциақәа рыла Facebook адаҟьақәа рҟны. Иахьазы аусура мҩаԥнагоит ақыҭатә хадарақәеи ауаажәларратә активистцәеи дареи анырра рыбжьаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0