Асанаториақәа хԥа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иадҵахоит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Атәылахьчара аминистррра. Архивтә фото.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистррра. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Амедицинатә маҵзура аилазаара аҽарҭбаауеит арратә санаториақәа "Судак", "Гагра", ареабилитациатә центр "Ергаки" рыла иҳәеит арра-медицинатә усбарҭа аиҳабы, аинрал-маиор Александр Фисун.

АҞӘА, ажьырныҳәа 7 — Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Амедицинатә маҵзура аилазаара аҽарҭбаауеит арратә санаториақәа "Судак", "Гагра", ареабилитациатә центр "Ергаки" рыла, иҳәеит арра-медицинатә усбарҭа аиҳабы, аинрал-маиор Александр Фисун.

"Иааиуа ашықәс азы Ҟрым, Аԥсны, Сибра рсанаториақәа хԥа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иадҵахоит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Амедицинатә маҵзура аилазаара аҽарҭбаауеит арратә санаториақәа "Судак", "Гагра", ареабилитациатә центр "Ергаки" рыла", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Атәылахьчара аминистрра ишамоу 37 санаториа, аԥсшьарҭа ҩнқәа фбеи, аԥсшьарҭатә базақәа фбеи. Урҭ рҟны аамҭак ала рыԥсы ршьоит, рҽырхәышәтәуеит зежәнызқьҩык ауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0