Амшынеиқәафымцамч: алашара арцәара афымца зҵало ахьанҭара иахьыԥшхоит

© Sputnik Наала АвидзбаАҟәа илеиз асы
Аҟәа илеиз асы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә Унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" ҩымш ирықәуп аремонттә усурақәа мҩаԥнагоижьҭеи.

АҞӘА, ажьырныҳәа 7 – Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Очамчыра араион аҟны афымцатәҳа аԥхасҭара инамаданы аамҭа-аамҭала Гәдоуҭеи, Гагреи, Аҟәеи араионқәа рҟны афымца дырцәоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" аофициалтә саит.

Басариа: "Амшынеиқәафымцамч" аӡынра иазыхиоуп

Анаплакы апресс-маҵзура аинформациала афымцарцәара аамҭа сааҭк инаркны сааҭки бжаки рҟынӡа инеиуеит. Аамҭа афымцаҳа иауа ахьанҭара иаҿырԥшхоит. Амшынеиқәафымцамч аҳәара ҟанаҵоит аекономиа ҟазшьа аҭаны афымцамч ҳхы иаҳархәаларц.

Аремонт-шьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит Очамчыра араион Мыркәыла ақыҭан.

Иҳаҩсыз аҵх азы илеиз асы мзызс ироуит еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны амашәырқәа. Иажәхьоу афымцаҳақәа ирылымшеит ирықәҳаз аидара ашьҭыхра. Уажәтәи аамҭазы еиҭашьақәыргылоуп ԥшьынҩажәа процент инареиҳаны аԥхасҭа змоу афымцаҳақәа. Иаарласны иалыршахоит абжьааԥны еиԥш афымцамч ауааԥсыра рзынашьҭра.

Аусурақәа аҭыԥ аҟны реинырра мҩаԥнагоит аилак анапхгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0