АҞӘА, ажьырныҳәа 8 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Қьырсазтәи Анцәа имҵаныҳәараз Аҟәатәи акафедралтә уахәамахь шәҩыла ақалақьуаа неиит.
Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥигон Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама аиҳабы, аиереи Виссарион (Аԥлиа).
"Қьырсаныҳәа – идуӡӡоу хҭысуп. Анцәа иԥшаауеит бзиабарала иҭәу агәқәа. Акраҵанакуеит аҩыза, ақәла, аԥсадгьыл, ауаҩԥсы рыбзиабара. Иахьатәи аныҳәа ауааԥсыра зегь еицырзеиԥшу ныҳәоуп", — иҳәеит аиреи Виссарион.
Қьырсазтәи Анцәа имҵаныҳәараз Аҟәатәи ауахәамахь шәҩыла ақалақьуаа неиит.
Қьырсаныҳәа, Иаса Қьырса иира амш, аиашахаҵаратә уахәаама иреиҳау ныҳәак еиԥш иахәаԥшуеит. Иара иаԥхьанеиуеит ҩынҩажәамштәи ачгара. Абри амш инаркны иалагоит ашықәсԥхьаӡара ҿыц.