Урыстәыла Ҭырқәтәыла иазнауа асанкциақәа Аԥсны адгылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахьа, ажьырныҳәа 11 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара аднакылеит. Ақәҵараҟны ишьақәырӷәӷәоуп аркьаҿрақәа рсиа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 — Sputnik. Ақәҵара рыдыркылеит 2014 шықәса абҵара 24 рзы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара анапы зҵаҩыз "Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра" ахәҭаҷ 4 анагӡара инақәыршәаны.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абри Ақәҵара инақәыршәаны 2016 шықәса ажьырныҳәа 20 рҟынӡа иазнархиароуп ажәалагалақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи, аиҿкаарақәеи, анаплакқәеи Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аиурисдикциа иаҵанакуа аиҿкаарақәеи рыбжьара аинырра хылаԥшра аҭашьазы.

Ҳаџьымбеи Суркови еиԥылеит

Ақәҵараҟны иарбоуп Ҭырқәтәыла атәылауаа иара убасгьы Ҭырқәтәыла хылаԥшра зызнауа аиҿкаарақәа 2015-2017шш. рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраараз Аинвестициатә программа иазыԥхьагәанаҭо ауснагӡатәқәа рылахәра азин ыҟам ҳәа.

Аԥсны иара убасгьы ахылаԥшра арӷәӷәоит ареспублика аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа икоммерциатәым аиҿкаарақәа русура аганахьала.

Абри адагьы Аԥсны Аекономика аминистрреи Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрреи, Аԥсны Аҳазалхратә еилаки 2016 шықәса ажьырныҳәа 20 рҟынӡа Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟынтәи тауар хкқәак аамҭала ралагалара аанкыларазы ажәалагалақәа аздырхиароуп.

Аԥсны Ҭырқәтәыла аганахьала асанкциақәа ирыдгылеит 2015 шықәса ԥхынҷкәын 29 рзы Аҟәа, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент ицхырааҩ Владислав Суркови Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи реиԥылара ашьҭахь.

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьаақәа уадаҩхеит ҭырқәтәылатәи аруаа урыстәылатәи аҳаирыплан Су-24 анкарыжь ашьҭахь. Абри аинцидент ашьҭахь Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин инапы аҵаиҩит Ҭырқәтәыла аганахьала асанкциақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0