Аԥсны Аҳазалхратә еилакы аҟны афинанстә еилагара аарԥшуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Аҳазалхратә еилакы.
Аԥсны Аҳазалхратә еилакы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахатәшәарҭадаратә ҟәша аиҳабы адырра ҳаиҭеит агәаҭарақәа раан ишаарԥшыз афинанстә еилагарақәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы идҵала имҩаԥган аҩныҵҟатәи агәаҭарақәа. Агәаҭарақәа раан иаарԥшын афинанстә еилагарақәа ҳәа адырра ҳаиҭеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахатәшәарҭадаратә ҟәша аиҳабы Зураб Конџьариа.

"Агәаҭарақәа раан иаарԥшын афинанстә еилагарақәа. Иахьазы агәаҭарақәа ҳацымҩаԥнагоит Апрокуратура хада", — иҳәеит Конџьариа.

Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахатәшәарҭадаратә ҟәша аиҳабы Зураб Конџьариа иазгәеиҭеит агәаҭарақәа макьаназы ишымҩаԥысуа.

Апрокуратура хада адыррақәа рыла агәаҭараан иаарԥшын 2015 шықәсазы аҳазалхратә кассахь инагази абанк ахь инашьҭызи ашәарақәа рыбжьара аиԥшымзаара 31 миллион мааҭ шартәоз.

"Апрокуратура хада ихацнаркит аилак амаҵхуратә хаҿқәа рганахьала аусҭҵаара", ҳәа азгәарҭеит апрокуратураҟны.

Апрокуратура хадаҟны иара убасгьы иазгәарҭеит асеиԥш иҟоу ашьаус иаҵанакыр шалшо 6 шықәса инаркны 12 шықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдатәзаареи ахатә мазара амхзаареи.

2015 шықәса ԥхынҷкәын анҵәамҭаз Аԥсны Апрокуратура хадахьы Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Даур Кәабахьиа иҟынтәи инеиит адырра аусбарҭаҩныҵҟатә гәаҭарақәа аилак аҟны 2015 шықәса рзы афинанс-нхамҩатә усура амҩаԥгареи аҳасабырбақәа рышьақәыргылареи еилаганы ишыҟаз шышьақәнаргылаз азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0