Амшынеиқәафымцамч: Аԥсны аҳәаанхыҵҟа афымцамч аҭиуам

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфымцамҩангагатә цәаҳәа.
Афымцамҩангагатә цәаҳәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" ақырҭуа политик иажәақәа ахҳәаа рынаҭеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 – Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны аҳәаанхыҵҟа афымцамч аҭиуам, иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура анапхгаҩы Алхас Гагәылиа ақырҭуа политик иажәақәа ахҳәаа рыҭо.

Ақырҭуа информациатә ресурсқәак рдыррақәа рыла апартиа "Национальное движение" алахәыла Петре Цискаришьвили аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ИнгурГЕС аҟынтәи афымцамч аҳәаанырцәҟа иаҭиуеит ҳәа.

"Цискаришьвили иашала иҟаҵәҟьоу ахыҵхырҭақәа дрызхьаԥшызҭгьы ҳәарада еиликаауан аӡынтәи Аолимпиада аан Краснодартәи атәылаҿацә аҟны ахархәарахь ишрыҭаз афымцамч еиҳазтәуа амыругақәа. Убри инадҳәаланы Краснодартәи атәылаҿацә афымцамч азхом убри азы иаанахәалароуп ҳәа аҳәара иашам", — иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура анапхгаҩы Алхас Гагәылиа ақырҭуа политик иажәақәа ахҳәаа рыҭо.

"Аԥсны аҳәаанхыҵҟа афымцамч аҭиуам. Ҳара ҳауаажәлар рҭахрақәа роуп инаҳагӡо", — иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура анапхгаҩы Алхас Гагәылиа.

"Амшынеиқәафымцамч" ареспубликаҟны инареиҳау ҳәынҭқарратә еилакуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0