Октаи Чкотуа: Оҭар Хәынҵариа ибзоураны аԥхьарцаҿы ахәмаршьа сҵеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаОҭар Хәынҵариа
Оҭар Хәынҵариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аԥсуа жәлар рҟазара иалиааз, амелодиақәа рацәаны шьаҭаркҩыс ирымоу ҳаамҭазтәи акомпозитор, зҩымҭақәа жәлар рыбзиабара шьҭызкааз, Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа иԥсҭазаара далҵит. Хәыҷи-дуи бзиа ирбоит Оҭар Хәынҵариа иаԥҵамҭақәа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга "Аҿар ргимн" хәа ииҩыз ашәа амелодиа, жәлар ирашәан иҟалеит.  Уи иаԥҵамҭа ашәақәеи, амелодиақәеи, оранжировка ззиухьоу жәлар рырҿиамҭақәеи Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы ирылаҵәахьеит. Иара дшыхәыҷыз, амузыка абзиабара илалахьан. Иаб Жора, амырзакан бзианы иаирҳәон, иан Фанца Хәытаба — агитара. Ианшьа Мҷаҷ Хәытаба иакәзар, иҿарпын арҳәашьа датәнатәуан. "Мышкызны аҿарпын рҳәашьа  сызҵарушь", ҳәа хәыцырҭас иман.

Ишырҳәо еиԥш, иҿаҳәатәы наӡеит. Ажәлар рашәақәа аԥсы рхаҵаны ирҳәо аҟаҵара шымариамгьы, азыӡырҩцәа рҟынӡа инеигоит, ажәлар рмелодиа  ахаара мырӡӡакәа амахәҭа ԥшӡақәа  аҭаны ирбеианы азҿлымҳаҩцәа ирыдигалоит.

"Оҭар Хәынҵариа, инарылукааша аԥсуа композиторцәа дырхыԥхьаӡалоуп. Иахьа уажәраанӡа иаԥиҵаз ашәақәа маҷым. Афырхацәа рашәоума, аҿар ргимн аума, аибашьра анцоз ииҩыз ашәақәа роума, ииашаҵәҟьаны, ахааназы ԥсра ӡра рықәым. Даара цәыӡ дууп ҳаԥсуа музыка аҟазараҿы Оҭар Хәынҵариа иаамҭанымкәа иԥсҭазаара иалҵра",- иҳәеит Октаи Ҷкотуа.

Оҭар Хәынҵариа, ааԥсара ҟамҵакәа, изызҳауа аҿар рааӡараҿы ихәҭа ду алоуп, ижәытәӡатәиу ҳаԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа: абыкь, аҿарпын, аԥхьарца, аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр уҳәа, наҟ-наҟгьы рырҿиаразы абзиабара рылаиааӡоит. Апрофессионалтә коллективқәа рҿоума ахаԥшьгаратә ансамбльқәа рҿоума, иџьабаа ахьрыдым ыҟам. Аԥсны ауаажәларратә-культуратә ԥсҭазаараҿы илагала рацәоуп. 

"Сара, Оҭар Хәынҵариа иааигәаны дыздыруан. Аказы ауаҩы диԥырхагамызт. Игәы ҭбаан, дуаҩы разын. Ҽнак, аԥхьарца арҳәашьа сҵарц сҭахуп анысҳәа, Пицунда дцаны  иманы дысзаааит, ҳамҭасгьы исиҭеит. Саргьы, иара ибзоураны аԥхьарцаҿы ахәмаршьа сҵеит", — азгәеиҭеит Октаи Чкотуа.  

"Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа иныҟәырго ажәытә кәашара амырзакан аҟны иасырҳәон, нас иара анотахь ииаигон. Уи иҭижьыз ашәҟәгьы адискгьы ирнылеит. Иахьа, Ҭырқәтәылагьы рхы иадырхәоит. Иҟаиҵашаз рацәан, аха иԥсынҵры кьаҿхагәышьеит", — гәалсрала дцәажәон Октаи. 

© Foto / Сырма АшәԥҳаОҭар Хәынцариа
Оҭар Хәынцариа - Sputnik Аҧсны
Оҭар Хәынцариа

Москватәи аҳәынҭқарратә акультуратә институт даналга инаркны, уи еиҿикаауан араионқәеи ақыҭақәеи рҿы амузыкатә коллективқәа, Аԥсны анҭыҵ жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы изныкымкәа Аиааирақәа згахьоу.

Декабр 22 рзы, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа иаԥшьгарала имҩаԥысыз, 2015 шықәса рзы ҳҳәынҭқарра аҿиараҿы аихьӡарақәа аазырԥшыз, аџьшьаратә  ҳамҭа  "Ахьӡырҳәага" ранашьара иазкыз аӡыргараҿы, акультура аусхкаҿы далкаан иӡбахә ҳәан, аҳамҭагьы ианашьан Оҭар Хәынҵариа.


Ажәабжьқәа зегьы
0