Аҳәынҭекологиа: аинерттә материалқәа рыҵхра аӡхыҵрақәа ҳарцәырыхьчоит

© Sputnik Томас ТхайцукРека Юпсара.
Река Юпсара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинерттә материалқәа рҽеидкылан аматериалбжьахақәа ҟарҵоит, урҭ ирхыҽҽо аӡқәа адәқәа ирықәлоит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥхынтәи аӡхыҵрақәа ҳарцәырыхьчоит Аԥснытәи аӡқәа рҟынтәи аинерттә материалқәа рыҭгара, ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Аӡиасқәа рхыҵра ашьхарахь асқәа аныӡыҭуа иаабац-иҳаҳац акоуп. Аха сынтәа иауыз асырацәа аҭагылазаашьа еиҭанакуеит. Аеколог иажәақәа рыла асырацәа ӡыҭыр аӡхыҵрақәагьы рацәахоит.

Ихыҵуа аӡы аинерттә материалқәа аҟәарахьы иҿықәнажьлоит иара убри аамҭазы аӡышьҭрақәа акуеит. Аӡыцәқәырԥа хыҵны адәқәа ирықәлоит, иҳәеит аеколог.

"Убри азоуп асовет аамҭақәа рзы абарҭ зегьы зазыԥхьагәарҭоз. Убри азоуп ҳаргьы иахьа аинерттә материалқәа аӡиасқәа изырҭааго. Иналкаан Кәыдры аӡбахә ҳҳәозар, 754 нызқь кәыбаметра аинерттә материал ҭнагоит, урҭ рҟынтәи 362 нызқь кәыбаметр аҟәаратә цәаҳәа еиҿыркаауеит. Иаанхо аӡыиас иҭыгатәуп аӡы адәқәа ирықәымлаларц азы", — иҳәоит Ҷыҭанаа.Аинерттә материалқәа рыҭгара акәзар хылаԥшра аҭаны иҭгалатәуп иҳәоит иара.

Ашықәсҿыц ауыха Аԥсны асырацәа леиит. Аметеорологцәа ишырҳәаз ала ахьҭа —4˚С. ҟалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0