Гәдоуҭа ақалақь аҟны изакәанымкәа аҭоурыхтә баҟа ақәгара иашам

© Sputnik Томас ТхайцукАкультура аминистрраҟны абрифинг мҩаԥысит.
Акультура аминистрраҟны абрифинг мҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 15 рзы Гәдоуҭа ацентр аҟны ХХ ашәышықәса алагамҭаз иргылаз аҭоурыхтә хыбра ықәыргеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны Акультура аминистрра Апрокуратура хадахь азыҳәа ҟанаҵеит Гәдоуҭа ақалақь аҟны закәандарыла иқәгоу аҭоурыхтә хыбра аганахьала ашьауыс хацдыркырц. Абри атәы лҳәеит абрифинг аҟны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Аҭыԥантәи аорганқәа адырра рымҭакәа мышкы ахы аҵыхәала ирбганы иқәган аҭоурыхтә хыбра. Ҳара ари ҳазҳадкылом. Иҟалаз ахҭыс авандализм актк еиԥш ҳахәаԥшуеит. Апрокуратура хадахьы ашәҟәы наҳашьҭит абри аус аганахьала ашьаус хацдыркырц", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

ХХ ашәышықәса алагамҭазы аҭуџьар Качикиан иргылаз ахыбра ахатәтәрахьы ирыҭан 1994 шықәса рзы. Иара аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиа иаҵаркын. Иахьа уажәраанӡа ари аҩны напык аҟынтәи аҽа напык ахь ииасуан, аҵыхәтәантәи ахатәтәҩы иқәигаанӡа рҳәеит аминистрраҟны.

© FacebookСнесенный памятник архитектуры на ул. Пушкина в г. Гудаута
Снесенный памятник архитектуры на ул. Пушкина в г. Гудаута - Sputnik Аҧсны
Снесенный памятник архитектуры на ул. Пушкина в г. Гудаута

"Аҩны зықәугои ҳәа санҵаа ахатәтәҩы исеиҳәеит архитектуратә баҟа ҳәа иԥхьаӡоуп ҳәа шизымдыруаз. Аҭаҩраан анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аусзуҩцәа усеиԥш адырра ширымҭаз. Аха ҳара иалҳаршеит анхарҭа-коммуналтә усбарҭаҟынтәи адокументқәа рышьҭыхра. Урҭ иҿаҿаӡа ирныԥшуеит аҩны 1994 шықәса раангьы архитектуратә баҟоуп ҳәа ахәшьара шарҭахьаз", — иҳәеит аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз адепартамент аиҳабы Баҭал Кәабахьиа.

Иара иажәақәа рыла анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аусзуҩ ахатәтәҩы аҭагылазаашьа зишәмырдырзеи ҳәа ианлазҵаа "дазымҵааит" лҳәеит.

"Мызкоуп иҵуа иаку аҳәынҭқарратә реестр аԥаҳҵеижьҭеи. Ҳаԥхьаҟа, хышықәса рыҩныҵҟа аинвентаризациа мҩаԥаагараны ҳаҟоуп. Азакәан азымдырра иаанагом азакәан аилагара азин ыҟоуп ҳәа", иҳәоит Кәабахьиа.

Аҭыԥаҟны Баҭал Кәабахьиа аҩны арбгара хықәкны иҟамызт ҳәа иарҳәеит. Иара иаакәыршан иҟаз аҵакыра аныдрыцқьоз ибгеит рҳәеит, аха уаҟа рхы иадырхәоз аексковатор аҩнқәа зладырбго маҭәахәуп ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Ҳара Апрокуратура хадахьы азыҳәа наҳашьҭит. Уи адагьы аӡбарҭахь ҳашшырц ҳгәы иҭоуп", — иҳәеит Кәабахьиа.

© FacebookПамятник архитектуры по ул. Пушкина в г. Гудаута после сноса
Памятник архитектуры по ул. Пушкина в г. Гудаута после сноса - Sputnik Аҧсны
Памятник архитектуры по ул. Пушкина в г. Гудаута после сноса

Ареспубликаҟны абаҟақәа рырбгаразы штрафны ишьақәыргылоуп 5 000 мааҭ инаркны 500 000 мааҭ рҟынӡа.

Акультура аминистрра Апарламент ахь аҳәара ҟанаҵоит аҭоурых-культуратә баҟақәа рыхьчаразы азакәанԥҵара аԥсахрақәа аланагаларц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0