Ҳаџьымба: асанкциақәа ҳџьынџьуаа рыҵаркуам

© Sputnik / Томас ТхайцукФлаги.
Флаги. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла аганахьала Аԥсны имҩаԥнаго аекономикатә ркьаҿрақәа ҳџьынџьуаа аҵанакуам иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ҭырқәтәыла аганахьала Аԥсны имҩаԥнаго аекономикатә ркьаҿрақәа ҳџьынџьуаа аҵанакуам, ҳәа азгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизарахь иҟаиҵаз анашьҭымҭаҟны.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны Урыстәылеи иареи рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аиқәшаҳаҭра — зинтә ҵаҵӷәқәа ирықәшәо ауалԥшьақәа ишрыцәхьамҵуа.

"Уи аныԥшит Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аганахьала аинырра аамҭалатәи аркьаҿрақәа ралагаларагьы. Иара убри аан иазгәасҭар сҭахуп урҭ аркьаҿрақәа Ҭырқәтәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟны инхо ҳџьынџьуаа шрыҵарымкуа", — иҳәеит атәыла Ахада.

Аԥсны Урыстәыла Ҭырқәтәыла аганахьала имҩаԥнаго асанкциақәа аҽрыднакылеит ԥхынҷкәын 29, 2015 шықәса рзы Владислав Сурков Аԥсныҟа иаара ашьҭахь. Аиԥылараан ирылацәажәан Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны Ҭырқәтәыла аекономикатәи ауаажәларра-политикатә лахәыра аркьаҿрақәа ртәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0