Пицунда амҩеихшарҭаҿы ишьақәыргылоуп асветофор асекциақәа

Пицунда амҩеихшарҭаҿы ишьақәыргылоу асветофор.
Пицунда амҩеихшарҭаҿы ишьақәыргылоу асветофор. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицунда амҩеихшарҭаҟны атранспорти ашьаҟауааи рзы аныҟәара уажәшьҭа ишәарҭам.

ГАГРА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Пицунда амҩеихшарҭа амҩатә ныҟәара аиҿкааразы ишьақәыргылан асветофортә обиект.

Араҟа амҩеихшарҭаҟны асветофор ашьақәыргылара аҭахны иҟеижьҭеи акрааҵуан. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, Пицундантә Аҟәеи Гагреи рхырхарҭақәа рахь иныҟәо атранспрот акырӡа иацлеит, уи инамаданы амҩатә ныҟәара иалахәу рзы ашәарҭара цәырҵит.

Иҳаҩсыз ашықәс ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵала, Гагра араион Ахадара иҟанаҵаз афинанстә адгыларала, Аԥсны амҩаргыларатә Усбарҭа ари игәарҭаз аҭыԥ аҟны ишьақәнаргылеит асветофортә обиект, уи иазԥхьагәанаҭоит амҩеихшарҭаҟны амҩаныҟәара еиҿызкаауа асветофортә секциақәа ԥшьба.

"Амҩеихшарҭа аҭыԥ аҟны ирҿыцхоит ашьаҟауаа рымҩеихшарҭагьы, ихкаахоит амҩа авара. Аԥхынра аламҭалаз Гагрантә Пицунда аган ахь ицо амҩа арыӷьарахь ишьақәыргылахоит даҽа секциак. Аԥсахрагьы ҳгәиҭоуп амҩатә дыргақәакгьы", — иҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа Гагратәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Зураб Барцыц.

Асветофор аусура иалагеит ҳазҭоу ашықәс азы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0