Амшынеиқәатә економикатә усеицуратә еиҿкаара мҩаԥысит Сҭампыл

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСҭамбул.
Сҭамбул. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сҭампыл имҩаԥысит Амшынеиқәатә економикатә усеицуратә еиҿкаара (АЕУА) аилатәара. Аилатәара хантәаҩра азнауан, аҽа шықәсыбжакгьы иазноулоит Урыстәылатәи Афедерациа

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 — Sputnik. Ауснагӡатә аҟны Урыстәыла ахаҭарнакыс дыҟан Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аекономикатә усеицура Адепартамент адиректор Евгении Станиславов. Станиславов иажәақәа рыла урыстәылатәи аган ахаҭарнакра иахықәкы хаданы иҟан абри аилазаараҟны аполитика аҽацәхьакра.

"Иахьатәи, акыр имариам аҭагылазаашьаҟны, АЕУА аҳәаақәа ирҭагӡаны хра зҵалаша амшхәаԥштә азҵаара аиҿкаароуп ихықәкы хаданы иҟаз. Аҽазышәарақәа ҟаҵатәуп АЕУА аекономикатә хырхарҭа инаҵшьны азгәаҭареи, иалкаау алҵшәақәа рынагӡара аҽазышәареи, абри аиҿкаараҟны аусеицура аполитика аҽацәхьакреи рықәныҟәаразы", — иҳәеит иара аилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҟны.

Sputnik акорреспондент изҵаара аҭак ҟаҵо Станиславов иазгәеиҭеит Украина аиҿкаара аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҟрым атема аполитикартәра шымҩаԥнаго иара убри аан иҳәеит усеиԥш иҟоу азнеишьа ԥеиԥш амоуп ҳәа ишимԥхьаӡо.

"Ҟрыми Севастополи Урыстәыла аилазаара ианалала инаркны арҭ арегионқәа Урыстәылатәи Афедерациа иахәҭаку регионқәак рыҳасабала АЕУА аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура иаҵакхароуп, иаҳҳәап Краснодартәи атәылаҿацә мамзаргьы Ростовтәи аобласт реиԥш. Аха абри азҵаара аганахьала Украинатәи ҳколлегацәа рпозициа акырӡа аполитикатә ҟазшьа амоуп. Дара иарбанызаалак усмҩаԥгатәык аҟны имҳәакәа иавсуам иҟоу аҭагылазаашьа ишадымгыло, АЕУА иалахәу атәылақәа рышҟагьы аҳәара руеит дара рпозициа иадгылаларц азы", ҳәа азгәеиҭеит Станиславов.

Аурыс-аҭырқәа еизыҟазаашьақәа дрылацәажәо Евгении Станиславов иазгәеиҭеит Урыстәыла АЕУА аплошьчадка иарбанызаалак Ҭырқәтәылеи иареи рызҵаара иаӡбарҭаны ишамԥхьаӡо.

"Урыстәыла АЕУА аплошьчадка иарбанызаалак Ҭырқәтәылеи иареи рызҵаара иаӡбарҭаны иаԥхьаӡом. Агәыӷра ҳамоуп Ҭырқәтәылагьы абри апроблема ҳара ҳаиԥш иазнеиип ҳәа". Станиславов иажәақәа рыла АЕУА атәылақәа Рдәныҟатәи Аусқәа рминистррақәа рхадацәа Рхеилак аилатәара Шәача, ԥхынгәы 1 азы имҩаԥысраны иҟоуп: "АЕУА имҩаԥнаго аусура хнаркәшараны иҟоуп иара иалахәу атәылақәа Рдәныҟатәи Аусқәа рминистррақәа рхадацәа Рхеилак аилатәара, ԥхынгәы 1 азы Шәача имҩаԥысраны иҟоу", — иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0