00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Такие обстоятельства
14:04
26 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:28
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:46
12 мин
Инструкция по применению
18:58
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:28
1 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:46
12 мин
Инструкция по применению
21:58
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аҳәынҭмаҵзуразы азакәан аҟны ахашәалахәқәа рарбаразы аԥҟара ыҟазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭыԥантәи афото.
Аҭыԥантәи афото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхадацәа анапынҵа риҭеит атәыла Ахада Инашьҭымҭаҟны иарбаз ахырхарҭақәа рыла аусура иалагарц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аҳәынҭмаҵзуразы азакәан аҟны ахашәалахәқәа рарбаразы аԥҟара ыҟазароуп, ҳәа азгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхадацәа данрыҿцәажәоз.

"Еилыскаауеит араҟагьы ахыҵәахырҭақәа рыԥшаара ишалаго, аха џьара акала иалагатәыми. Ацәажәарақәа аанкылатәуп. Дарбанызаалак иаартны иҳәааит дызҿу атәы, финанстә лшарас имоу ауаа ирзааиртааит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Арепатриациаз апрограмма азҵаара далацәажәо атәыла Ахада иазгәеиҭеит иара аӡбахә акыр шааҵуа ирҳәоижьҭеи аха ҟаҵа шыҟам. Иара аус адулара рҽаладырхәыроуп аминистррақәеи аусбарҭақәеи зегьы, ҳәа иԥхьаӡоит Ҳаџьымба. Шықәсыбжак аусура ахыркәшаразы иазхаратәы иҟоуп ҳәа иазиԥхьаӡоит иара.

"Абри азҵаара аӡбра зегьы рҽаладырхәыроуп", — иҳәеит иара.

Аусбарҭақәа зегьы акоррупциа иаҿагылан ақәԥарагьы рҽаладырхәароуп ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Азакәан рыдкылоуп. Иара ԥхьаӡа аларҵәаразы Апрокуратура хада адагьы егьырҭ аминистррақәеи аусбарҭақәеи ралахәра аҭахны иҟоуп. Уи иаанагом акультуреи аҵареи рминистррақәа акоррупциатә схема иадҳәалоу ауаа ирышьҭаланы ирыԥшаалароуп ҳәа, аха абри апроцесс зегьы рхы аладырхәыроуп", ҳәа дазааҭгылеит Ҳаџьымба.

Аконституциатә реформақәа дрылацәажәо атәыла Ахада иазгәеиҭеит зыӡбахә имаз акгьы дацәхьаҵырц гәҭакны ишимам.

"Иахьатәи аамҭазы иҟоуп ихымԥадатәны нап зҳаркыша аусқәа. Уи амчратә махәҭақәа рбаланс азҵаарагьы аҵанакуеит, иӡбатәуп аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа русура атәгьы", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аилацәажәараҟны иара убасгьы ирзааҭгылан адәныҟатәи аполитикеи, аҵареи, асоциалтә усхки рызҵаарақәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0