Гагратәи Ахьӡ-аԥша абаҟа аҵакырадгьыл аиҿкаара нап аркыуп

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи абаҟаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа.
Гагратәи абаҟаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи Ахьӡ-аԥша абаҟа аҵакырадгьыл аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.

ГАГРА, ажьырныҳәа 27 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Есышықәса Гагратәи Ахьӡ-аԥша абаҟа аҵакырадгьыл аҟны имҩаԥысуеит аиҭашьақәыргыларатәи аиҿкааратәи усурақәа.

Гагреи Нальчики аешьаратә еимадара дырӷәӷәоит ахәыҷқәа рыла

Арҭ амшқәа рзы, ақалақь анхарҭатә усбарҭа нап анаркит аҵакырадгьыл аиҭашьақәыргылара.

"Гагра араион Ахадара аиҳабы Беслан Барцыц инапынҵала, ақалақь анхарҭатә усбарҭа инанагӡоит амемориалтә комплекс аҵакырадгьыл злачаԥаз иажәыз ахаҳәцәы ақәхразы аусмҩаԥгатәқәа. Анаҩс, атехника ҷыда ахархәарала ириашахоит адгьыл. Амш иаҳнаҭар, хәажәкырамза 15-нӡа Ахьӡ-аԥша аҵакырадгьыл аҟны иқәҵахоит ашьхахаҳәԥҽхақәа злоу ахаҳәмҩа, иқәчаԥахоит ацәхыԥқәа", — иҳәеит Гагра ақалақь анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Аслан Аиба.

Ахьӡ-аԥша аҵакырадгьыл аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит Урыстәылатәи аспециалистцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0