Ақыҭанхамҩатә шәҟәҭаҩра 2018 шықәса рзы имҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәырма аҟәшәара.
Ахәырма аҟәшәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азеиԥшреспубликатә қыҭанхамҩатә шәҟәҭаҩра Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп 2018 шықәса жьҭаара 1 инаркны 31 рҟынӡа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Азеиԥшреспубликатә қыҭанхамҩатә шәҟәҭаҩра Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп 2018 шықәса жьҭаара 1 инаркны 31 рҟынӡа. Абри аҩыза аӡбра рыдыркылеит аԥшьаша, ажьырныҳәа 28 рзы, Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны.

Аҳәынҭстатистикатә Усбарҭа аиҳабы Кама Гогьиаԥҳа лажәақәа рыла ашәҟәҭаҩра аҿҳәара аиагара аҽазыҟаҵарақәа иахьырхьымӡаз иахҟьеит.

"Ари ауснагӡатә акыр амҽхак ҭбаауп. Убри адагьы иара аҩыза ареспубликаҟны раԥхьаӡа акәны имҩаԥыргоит", — лҳәоит Гогьиаԥҳа.

Аԥыза-министр Артур Амқәаб иажәақәа рыла ақыҭанхамҩатә шәҟәҭаҩра амҩаԥгара аҵак ду змоу уснагӡатәуп.

"Сара ашәҟәҭаҩра аҿҳәара анахара сақәшаҳаҭмызт, аха аусқәа ҭкааны санрыхәаԥш еилыскааит ус еиҳа ишеиӷьу. Алагаратә усурақәа хацыркын 2014 шықәса рзы", — иҳәеит Амқәаб.

Уаанӡа адырра ҟаҵан ашәҟәҭаҩра 2015 шықәса рзы иалагоит ҳәа. Заанаҵтәи ахәшьарақәа рыла иаразы иаҭахны иҟоуп 16,5 миллион мааҭ аԥара.

Аҽазыҟаҵаратә аамҭа иартәоит 15 мза. Иароуп еиҳарак ахарџьқәа зҭахны иҟоугьы.

Азеиԥшреспубликатә қыҭанхамҩатә шәҟәҭаҩра атәыла аҩнтәы нхамҩа аҭагылазаашьа ныҭкааны иаанарԥшыроуп. Еизгахо адыррақәа ареспублика агроааглыхратә комплекс аҿиаразы ишьаҭаны иҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0