00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра: Евроеидгыла аполитика аҽамԥсахит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмнмстрцәа реилазаара.
Амнмстрцәа реилазаара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьара ҟанаҵоит ПАСЕи егьырҭ европатәи аиҿкаарақәеи аимак аганқәа рганахьала иажәхьоу ргәаанагарақәа рыԥсахырц, иҟоу аҭагылазаашьақәа ирхьырԥшны ргәаанагарақәа рҳәаларц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 — Sputnik, Саид Барганџьиа. ПАСЕ апрезидент ҿыц иинаугурациатә жәахә аҟны еиҭахгьы ишьақәирӷәӷәеит Евроеидгыла аполитикатә хырхарҭа еиҭакра шамоуа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала Қырҭтәыла адгылара шанаҭо.

"Аҽазныкгьы гәыхьрыла иазгәаҳҭоит Аладатәи Кавказ аганахьала Евроеидгыла аполитика аҽшамԥсахыз, 2008 шықәса раахыс уи аҽшеиҭанакызгьы", ҳәа аҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазгәарҭеит аԥсуа ган шадгыло ПАСЕ апрезидент имоу ашәарақәа – арегион аҟны ашәарҭадара аганахьала. Иара убри аамҭазы иазгәарҭоит ашәарҭара зхылҵуаны иҟоу Қырҭтәыла шакәу.

"Акыршықәса ҵуеит Қырҭтәыла аҭагылазаашьа архәанчара иаҿуижьҭеи, аҳәынҭқаррабжьаратә еимакқәа ҭынчрыла рҭышәныртәалара иаԥырхагоижьҭеи", ҳәа аҳәоит Аҳәамҭаҟны.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазгәарҭеит Қырҭтәыла шакәу бџьаршьҭыхлатәи ақәгыларақәа зегьы хацзыркуа.

"Қырҭтәыла аганахьала апровокациақәа раанкылара алшеит урыстәылатәи агани ҳареи аҳәаахьчаразы аиқәшаҳаҭра ҳнапы анаҵааҩ инаркны", ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.

Абасала, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазгәарҭеит ашәарҭара зхылҵуаны иҟоу Қырҭтәыла шакәу.

ПАСЕ апрезидент ҿыц Педро Аграмунт иинаугурациатә жәахә аҟны еиҭахгьы ишьақәирӷәӷәеит Евроеидгыла аполитикатә хырхарҭа еиҭакра шамоуа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала Қырҭтәыла адгылара шанаҭо, асеиԥш иҟоу аимакқәа Европа ашәарҭадара аҵшәааразы шәарҭаны ишыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0