Аҭыԥантәи ахаланаԥхгараҭараз аконституциа ахәҭаҷ ариашарақәа азуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент аилатәара.
Апарламент аилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконституциа ахәҭаҷ "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарази анапхгараҭарази рзы Азакәан" ариашарақәа азуразы ахԥатәи аԥхьарала ирыдкылоуп азакәан апроект.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аконституциа ахәҭаҷ "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарази анапхгараҭарази рзы Азакәан" ариашарақәа азуразы ахԥатәи аԥхьарала ирыдкылоуп азакәан апроект.

Ариашара иазыԥхьагәанаҭоит ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә орган аилазаараҟынтәи атәыла Ахада ишьақәирӷәӷәоит ҳәа.

Аконституциа ахәҭаҷ абри аредакциа иаҳәоит, атәыла Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рынагӡаратә мчра ахадацәа хаҭала еиҭоит ҳәа, аконституциатә закәан аҟны ишарбоу еиԥш.

Адепутат Аслан Кәабахьиа иажәақәа рыла иарбоу апроект зегьы рзы иманшәалоуп.

"Ҳаԥхьаҟа, аполитикатә культура аҩаӡара ҳнанагоит ақыҭақәеи араионқәеи рхадацәа уа инхо ауааԥсыра иалырхуа. Аха иахьазы, раԥхьаӡа акәны араионтә депутатцәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра рхаҭарнакцәа ирымоуп алшара араион ахада иалхра рхалархәра. Ари ареформа актәи аетап ауп", — иҳәеит Кәабахьиа.

Иара иргәалаиршәеит мшаԥымзазы имҩаԥысраны ишыҟоу аҭыԥантәи ахаланԥхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа.

"Сара агәра згоит ҳуааԥсыра ишеилыркаауа араион ахада иалхра урҭ адепутатцәа ишрыбзоурахоу", — иҳәеит иара.

Аконституциа ахәҭаҷ "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарази анапхгараҭарази рзы Азакәан" ахь алагаларақәа иахьатәи азакәанԥҵара иақәшәо иҟоуп, ариашарагьы иалнаршоит аԥсахрақәа аконституциа-зинтә шьаҭа рыҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0