Трапизониан: аспорти аполитикеи реидҳәалара иашам

© Фото : с сайта ConIFAАицлабрақәа рҽазыҟаҵара.
Аицлабрақәа рҽазыҟаҵара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аерманцәа Реидгыла ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Галуст Трапизониан ахҳәаақәа азиуит Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аӡбра, Аҟәа ашьапылампыл матч амҩаԥгара аганахьала.

АҞӘА, жәабран 1 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Ашьапылампыл – спортуп, аполитикеи иареи реидҳәалара ҟалом, ҳәа ҳаиҳәеит Аԥснытәи аерманцәа Реидгыла ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Галуст Трапизониан Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аҟәа ашьапылампыл матч амҩаԥгара аганахьала иаднакылаз аӡбра ахҳәаақәа азуа.

"Сара Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа срацәажәон. Исарҳәеит аматч хаҭалатәны имҩаԥысуазар азҵаара цәырҵуамызт, аха иҟаз аҭагылазаашьаан ашьапылампыл азы Ермантәыла Афедерациа аматч шымҩаԥысуаз азы адырра рымамызт, иара убас адырра рымамызт Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынгьы ҳәа", — иҳәеит Трапизониан.

Иара иазгәеиҭеит имоу аинформациала ашьапылампылтә матч амҩаԥгаразы еиҿцәажәаз атренерцәа заҵәык роуп ҳәа.

"Ҳәарада ҳара иаҳгәамԥхаӡеит Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахымҩаԥгашьа", — иҳәеит Трапизониан.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит асеиԥш ҩынтәны ишыҟалаз.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра урыстәылатәи ашьапылампылтә клуб "Волгеи" ермантәылатәи ашьапылампылтә клуб "Арарати" рыбжьара ажьырныҳәа 27 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟаз аиҩызаратә матч еиԥдырҟьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0