Арнауҭ: баџьда аилахәаахәҭра ҳекономика аҿиара иацхраауеит

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳазалхратә пост.
Аҳазалхратә пост. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара баџьда аилахәаахәҭразы Аиқәшаҳаҭра амчра аиуит 2015 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Иара Аԥсны аекономика ианаҭоу анырра атәы ҳзеиҭарҳәеит атәыла аекономистцәа.

АҞӘА, жәабран 1 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара баџьда аилахәаахәҭразы Аиқәшаҳаҭра амчра аиуижьҭеи шықәсык ҵит. Иара Аԥсны аекономика ианаҭоу анырра атәы ҳзеиҭеиҳәеит Аекономика аминистрра адәныҟатәи аполитикатә еимадарақәеи аинвестициатә политикеи рыҟәша аиҳабы Даур Арнауҭ.

Иара иазгәеиҭеит иахьазы аусурақәа ишырҿу абизнес дуи абжьаратә бизнеси акредит рыҭара апрограмма аганахьала, уи азы Аиқәшаҳаҭра аҵак ду аманы ишыҟоу.

"Аԥсны иаадрыхуа зегьы Урыстәылатәи Афедерациахь агара алшоит абаџь ахымшәаакәа. Иназыцҵоу ашәахтәԥса ада аҽа шәарак зыхшәаам атауар андаҭлара алшоны иҟоуп. Ари иаанагоит ҳара ҳнаплакыҩцәа ирзаԥаҳҵоит дара-дара рыбжьара аицлабра алзыршо аҭагылазаашьа", — иҳәеит иара.

Уаанӡатәи Аԥсны Аекономика аминистр Давид Ирадиан инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсназы аалыҵ иаҭирҭа џьырмыкьа хаданы иҟоу Урыстәыла ауп ҳәа. Иманшәалоу аекспорттә ааглыхра аԥҵаны иҳалшоит имаҷымкәа аԥара арҳара, иара Урыстәыла адагьы аҽаџьара ҳтауар ҳзымышьҭуазаргьы ҳәа.

Ирадиан игәаанагарала абри Аиқәшаҳаҭра агхақәа аманы ишыҟоугьы аԥыжәарақәа еиҳагьы еиҳауп.

"Абаџьқәа еиҳаракгьы рхы иадырхәоит аҩныҵҟатәи анаплакҩы ихьчаразы. Атәылаҟны иарбанызаалак тауарк аадрыхуазар, аҽа тәылак аҟынтәи иара аҩыза атауар арахь иааргозар, уи алагаларатә баџь ақәшәоит, аха Аиқәшаҳаҭра инақәыршәан урыстәылатәи атауар аганахьала ус ҳзыҟаҵом. Ҳара ԥыжәараны иҳамоу – аекспорт амҩаԥгароуп, аимпорт аԥсахра аасҭа", — иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла дара рахь инаргаз асертификатқәа (ст-1 аформа) 2195 цыра ыҟоуп. Аҳазалхратә баџь аҟынтәи зхы иақәиҭыртәыз атауарқәа рзеиԥш хәыԥса 2 миллиардки 436 миллиони мааҭ артәоит. Аԥснынтәи Урыстәылатәи Афедерациахь алагалараан баџьдатәи ахәаахәҭра арежим ахь иаҵанакуам ашьақар, арыжәтәқәа, асигаретқәа, Урыстәылантәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсны аҵакырадгьыл ахь алагалараан – ачаи, аӡқәа, арыжәтәқәа, асигаретқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0