АҞӘА, жәабран 2- Sputnik. 2016 шықәса ажьырныҳәа 26 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит "Аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аԥсны рыҟазаара азинтә ҭагылазаашьа" азы Азакәан. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.
"Азакәан иҳәаақәнаҵоит атәымтәылауаа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны рыҟазаара азакәантә ҭагылазаашьа, атәымтәылауааи аҳәынҭқарратә мчрақәеи реизыҟазаашьа, аҳәынҭқарратә мчрақәеи, ахаланапхгараҭаратә органқәеи рхаҭарнакцәеи иарбоу атәылауааи реизыҟазаашьа урҭ ара имҩаԥырго русурақәа раан", ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҟны.
"Аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аԥсны рыҟазаара азинтә ҭагылазаашьа", азы Азакәан рыдыркылеит Жәлар Реизараҟны, 2015 шықәса ԥхынҷкәын 29 рзы.