АҞӘА, жәабран 2 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Гәдоуҭа ақалақь агәҭа игылоу уаанӡатәи аунивермаг "Гәында" ахыбра аиҭашьақәыргылареи иара иахагылоу асааҭ ду аремонт азуреи мшаԥымза анҵәамҭазы ихыркәшахоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Даур Ӡиӡариа.
Иара иажәақәа рыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рсмета иартәеит 795 000 мааҭ аԥара.
"Аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит Григори Бебиа ифирмеи ҳареи. Аусурақәа ҳрылагахьеит. Асмета аекспертизаҟны ишьҭоуп. Азанаҭуаа ажәытәтәи ахыб ахырххьеит, аҿыц азы амаҭәахәқәа ааргахьеит", — иҳәеит Ӡиӡариа.
Ақалақь иашьана хаданы иршьоз, аунивермаг иахагылаз асааҭ ду Афонҿыцтәи ауахәамаҟынтәи арахь ииаган. Урҭ 15 шықәса инарықәуп аус рымуеижьҭеи. Дара аремонт рзурагьы инапы иануп Григори Бебиа.
"Асааҭ еиҭашьақәыргылахоит, ажәытә ишыҟаз еиԥш ес-15 минуҭ абжьы ақалақь иалыҩлоит. Иара амеханизм уадаҩра дук аҵаӡам, аха аиҭашьақәыргылара аамҭақәак аҭахуп", — иҳәеит Ӡиӡариа.
Ӡиӡариа иазгәеиҭеит аунивермаг "Гәында" ахыбра аҭоурых-культуратә ҭынха Ареестр ахь ишаҵанакуа, аҳәынҭқарратә хьчара шамоу. Аибашьра ашьҭахь иара арендла ирган, иахьагьы ус иҟоуп.
Арендла изгаз иакәзар, аиқәшаҳаҭра аԥҟаррақәа дрықәныҟәом, арендатә уал ишәом, аобиект аиҭашьақәыргылараз ҟаҵа имаӡам.
"Ажьырныҳәамзазы Гәдоуҭа ақалақь аҟны аҭыԥ змаз ахҭыс ашьҭахь ақалақь Ахадара иаӡбеит иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа ирзыхынҳәны еиҭарыхәаԥшырц. Урҭ рҟынтәи зымчра аанкылатәугьы ыҟоуп. Архитектуратә баҟақәа рхыбқәа ԥсаххоит. Азанаҭуаа ахыбрақәа ажәытәтәи рыԥшра рыздырхынҳәуеит", — иҳәеит Ӡиӡариа.
Аунивермаг "Гәында" Афырхацәа рымҩадуи Маан имҩеи реихысырҭаҟны игылоуп. Иара ақалақь азы визиттә карточканы ишьоуп. Иргылан 1909 шықәса рзы. ХХ ашәышықәса алагамҭаз ара иҟан асасааирҭа "Империал". Асааҭ ықәыргылан 1924 шықәса рзы.