Ашәарыцацәа аҳәырԥсарра ԥымкрада ҳалслароуп ҳәа иазырыԥхьаӡоит

© Foto / Тенгиз ТарбаРиҵа маҷ.
Риҵа маҷ. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәарыцацәа реилазаара иазыршьоит азакәан еиларгом ҳәа, избанзар аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа акәымкәа анҭыҵҟауп иахьышәарыцо азы.

АҞӘА, жәабран 2 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк ахадара азакәан инақәыршәаны ахы мҩаԥнагоит, лҳәеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк ауаажәларратә хеилак ахантәаҩы Инга Ҭаниаԥҳа, ашәарыцацәа араҟа ԥымкрада ҳаиаслароуп ҳәа рыдҵа ахҳәаақәа аҭо.

"Ашықәс аҩныҵҟа зегьы абнахьчаҩ аиҳабы, арежими ахьчареи рзы аиҳабы ықәгыланы ирҳәон Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иахьаҵанакуа ашәарыцара ҟалом ҳәа. ашәарыцара асезон анааи, иааиуаз ауаа еиҭахгьы идеилҳаркаауан араҟа ашәарыцара шыҟамло. Даргьы лахынҳәны ицон. Абас иҟан ԥхынҷкәынмза зегьы. Ҳара мышкала арахь шәықәлар ҟалом ҳәа ҳамҳәаӡеит. Ҳара аилагарақәа рҿагылара азин ҳамоуп", — лҳәеит Ҭаниаԥҳа.

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк анапхгара русураҟны иқәныҟәоит Аԥсны азакәанԥҵареи Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк Аԥҟареи. Хаҭала, Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Ҷыдала ихьчоу аԥсабаратә ҵакырадгьылқәа" аԥшьбатәи ахәҭа аҩбатәи ахәҭаҷ. Уи инақәыршәаны абџьари, ашәарыцалақәеи, ашәарыцаԥсаатәқәеи, ашьацҳәақәеи егьырҭ ашәарыцаразы ахархәагақәеи ашәарыцара еиԥшны ишьоуп.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Ҷыдала ихьчоу аԥсабаратә ҵакырадгьылқәа" аԥшьбатәи ахәҭа аҩбатәи ахәҭаҷ инақәыршәаны КПП рҟны риажьра азин ыҟам абџьари ашәарыцалақәеи зцу ахаҿқәа", — лҳәеит Ҭаниаԥҳа.

Аныҳәамшқәа рзы Риҵа иаҭааз асасцәа рхыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа еиҵан

Аԥсны ашәарыцацәа реилазаара иазыршьоит азакәан еиларгом ҳәа, избанзар аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа акәымкәа анҭыҵҟауп иахьышәарыцо азы. Ашәарыцаҩ Игор Мықәба ишиҳәо ала ашәарыцарҭақәа рахь узго амҩа аҳәырԥсарра иалсны ицоит, даргьы рымҩа аԥсахра ргәы иҭам.

Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа абри аганахьала иазгәеиҭоит:

"Ҷыдала ирыхьчо аҭыԥқәа рҟны абџьар кны анеира зынӡагьы иҟалом. Уи азакәан аҟны иарбоуп. Ашәарыцацәа шәымшәарыцан ҳәа уаҩы иреиҳәом, аха убри аан иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ааха аҭара ҟалом".

Ажьырныҳәа 26 рзы имҩаԥысит Риҵатәи амилаҭтә парки, Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭеилаки, Аекологиа аинститути, Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк ауаажәларратә хеилаки, аҭыԥантәи амчрақәеи, ареспублика ашәарыцаратә еилазаареи рхаҭарнакцәа реилацәажәара. Уаҟа ирыӡбон аҳәырԥсарра иалсны ашәарыцаратә ҭыԥқәа рахь амҩасра азҵаара. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк ауаажәларратә хеилаки рнапхгара ажәалагала ҟарҵеит азҵаара аӡбразы Жәлар Реизарахь ахәаԥшраз ицәырыргарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0