АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аԥсуара аҳра ахьауа, ҳмилаҭҭә қьабзқәа аԥҟарақәа ирықәныҟәо арҭ аҭаацәа, рыхшара ламыс цқьала иааӡоуп. Ахәыҷқәа ракәзар, еихӡыӡаауеит, еихылаԥшуеит, изларылшо ала рҭаацәа ирыцхраауеит.
Ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи рԥеиԥш лаша аҟны, амалқәа зегьы ирмалу ахшара рацәа змоу аҭаацәа рыдгылара, хықәкыс иҟаҵаны, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" анапхгара Габелиаа рҭаацәа, анхара анҵыраҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа рыла ацхыраара рзыҟарҵеит. Иаҳҳәозар, архьшәашәага, ателевизор, аӡы зладыршуа абак, ачаӡыга, аҩнарԥхага уҳәа амаҭәахәқәа маҷымкәа.
"Исгәалашәоит, Чықәниа Џьамал ҳәа еиҳабык дҳаман Ҭырқәтәыла, убас иҳәон: Австралиа дыҟазаргьы аԥсыуак, ишьапы маӷык алалар, абраатәи аԥсуаа ҳгәы ҳнархьуа аҟынӡа аибабашьа ҳамазароуп, ҳаихӡыӡаароуп ҳәа. Ҳара ҳфондгьы заԥҵо убри азоуп. Аԥсуаа ҳаицхыраароуп, ҳаидгылароуп, ҳрыцҳеибашьароуп. Усҟан, ҳԥеиԥшгьы бзиахоит, ҳҳәынҭқаррагьы еиҳа иӷәӷәахоит. Иахьынӡаҳалшо ала, ҳабжьы ахьынӡанаӡо, ҳамч ахьынӡаҟо ҳаидгылап. Абарҭ иҟаҳҵақәо, ҳалаҽырбарц акәӡам изыҟаҳҵо. Аԥхьаҟа, ацхыраара аҟаҵара згәы иҭо, убарҭ арцыхцыхып ҳәа ауп. Ари аҩыза аус, ҳаидгыланы ҳахаҵгылар, ҳажәларгьы, ҳхәыҷқәагьы аргәырӷьоит, ҳԥеиԥшгьы бзиахоит", — ҳәа азгәеиҭеит афонд аҟны иаԥҵоу аԥсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуа.
Габелиаа рыхшара аиҳабы, Апснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара иҵоит. Ԥшьҩык, Очамчыратәи ашкол интернат аҟны. Ҩыџьа, Тҟәарчалтәи абжьаратә школ аҟны. Урҭ аҵареи аспорти аусхкқәа рҟны еихьӡарала рхы аадырԥшуеит. Афонд ахьӡала ироуз ахаҵгылара, даараӡа пату ақәырҵеит.
"Ари даара иус ԥшьоуп. Имариагәышьам, ақыҭаҿы ахшара рацәа рааӡара. Анцәа иҳаҭәеишьеит, уи ҳаигәырӷьоит. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа, иара ивагыло иҩызцәа зегьы, ҭабуп ҳәа расҳәоит, ацхыраара зышәҭаз ҳхәыҷқәа рыхьӡала. Ари нахысгьы еиҳагьы шәылшареи шәгәамчи ӷәӷәахааит. Иҳалшо ала, ҳхатә џьабаала ҳанхоит. Ахәыҷқәа раб иакәзар, агәабзиара нагӡаны имам. Излаилшоз ала аибашьраҿгьы ихы ааирԥшит, ишыжәбо еиԥш, ихатә џьабаала ахәыҷқәа рааӡара даҿуп", — лҳәеит, быжьҩык ахшара ран, афырԥҳәыс Светлана Габлаиаԥҳа.
Ииашаны, зых пату ақәҵаны, мацқьа-шьацқьала инхо арҭ аҭаацәа ирымоуп рынхара рынҵыраҿы ирыԥгыло ауадаҩрақәа. Уи аҳәара шырцәыуадаҩызгьы еилкаахеит, зегь раԥхьа иргыланы аӡи амҩеи ирыдҳәало азҵаатәқәа шракәыз. Издыруада, нас уи зыбжьы ақәзырго, агәыразра аазырԥшуа аӡә дҟаларгьы?!